"Мҩахәасҭала ахрақәа рахь" – Аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара

© Foto / Адгәыр ГәынбаАшьхацамҩа
Ашьхацамҩа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаҭҳара ақыҭа инхо Борис Аиба еиҭеиҳәеит уаҭҳараа арахә рыманы иахьхало, ари ақыҭа иаҵанакуа аԥсҭа ҭыԥқәа ртәы, насгьы аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара аӡбахә. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуа ланҵамҭа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Уаҭҳараа рырахә ахьгәарарҵо

Аԥсны аҭыԥтә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ала, ара арахәааӡара еснагь аҳра ауан. Иахьагьы ари анхамҩатә ус знапы алаку маҷым. Есышықәса уажәааны ахьчацәа рырахә рыманы ашьха ихалоит. Уаҭҳара ақыҭа инхо Борис Аиба ҳара иаҳзеиҭаиҳәеит, ари ақыҭа иаҵанакуа аԥсҭа ҭыԥқәа, арахә рыманы иахьхало атәы.

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәБорис Аиба
Мҩахәасҭала ахрақәа рахь – Аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Борис Аиба

"Уаҭҳара қыҭа дууп. Ара иҟоуп аҳаблақәа: Баҽа, Гарԥ, Жьабна, Ӡаӷрыԥшь, Ҳаԥшьырхәа, Акәыла. Гарԥ иҟоуп "Аҳашыг иҭыԥ" ҳәа, араҟа анхацәа рырахә гәарырхуан, иккароуп. "Мышцәгьарҭа" ыҟоуп. "Мышцәгьарҭа" – ашәҵла ду гылан, амшцәгьа аныҟалалак, ахьчацәа рырахә рыман иҵаланы, амшцәгьа рҽацәырыхьчон, амш еилгаанӡа абра иаанҿасуан. Ахьчацәа рырахә рыман иахьҭало, рырахә ахьгәарырхуа "Аҭыԥгәарҭа" ҳәа иҟоуп. "Бардыӷә итәарҭа" ҳәа иҟоуп, Бардыӷә итәарҭаҭыԥ акәын. Уи еснагь, шьхацангьы, шьхалбаангьы ирахә иман краамҭа абри аҭыԥ аҿы дтәаны иԥсы ишьон. Нас Аӡиқәа цоит. Аӡиқәа ашьҭахь ицоит "Хәсин иқьала" – ари Хәсин зыхьӡыз ауаҩԥсы ирахә иман дахьтәалоз аҭыԥ акәын, ҭаҳараны иҟан. Асакараҿ уахьынкылшәо иҟоуп ашҭа ду, "Ампыласдәы" ҳәа изышьҭоу", – абас ахьчацәа знысуа амҩақәа, ахәқәа, изхысуа аӡиасқәа рыхьӡқәа еиқәиԥхьаӡоит иара.

© Фото : Адгәыр ГәынбаНарҭаа аишьцәа аимҵакьача иахьыхәмарлоз ҳәа зыӡбахә рҳәо "Ампыласдәы"
Мҩахәасҭала ахрақәа рахь – Аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Нарҭаа аишьцәа аимҵакьача иахьыхәмарлоз ҳәа зыӡбахә рҳәо "Ампыласдәы"

Еиҭаҳәо дышнеиуа дныҭгыла-ааҭгылоит, 93 шықәса ирҭагылоу аҭаҳмада, уажәгьы урҭ аккарақәа дынрыҵс-аарыҵысуа анеира даҿушәа ихаҿала иубоит. Ара "Заурбеи иԥсшьарҭа ҭыԥ" ауп, ана "Хьрыԥс ибӷаларҭа", уи уаныҩахыслак "Абӷаӡы" – ауаҩы ибӷа асахьа аманы илеиуа аӡы ҳәа, игәалашәара мҩахәасҭақәа дырныланы дцоит. Дышнеиуаз Нарҭаа аимҵакьача иахьыхәмаруаз адәы днықәгылеит. Уи аҭыԥ аҿы илеиуа аӡыхь хәыҷы алагьы иҟырҟы ааирбааӡазшәа, иԥсыԥ неивыганы, "Агәашә" дыҩҭыҵит. Иԥхыӡ даалҵызшәагьы днасызхьаԥшын, дызнысуаз амҩақәа сзеиҭаҳәара далагеит.

Ашьхашә - Sputnik Аҧсны
Ахш, ашә, ашәчырҳә: шьхацан абарақьаҭра

"Ампыласдәы уахьыҩҭыҵуа аҭшәара ауп "Агәашә" зыхьӡу – арахә ашьхарантәи алада рхала ианылбаауаз ҟалон азы, ахьшьцәа убра агәашә ҿаҵаны ирыман, аҭыԥ ахьӡгьы убри ауп изыхҟьаз. "Агәашә" уаныҩхыслак ицоит Хәоуду – ахәы ауны арыӷьарахь ԥыҭк ицоит, аӡ-аԥшьқәа рҿынӡа. Аӡ-аԥшьқәа рыла иаарҳәны, аҩада, иҟоуп аҭыԥ аԥсаса ахьгәарырхуаз – "Ҭыӷь". Уаҭҳараа ахьгәарҵуаз рышьха, наҟ иныласкьа, инадгылоит Бадеи ихра" – ҳәа Уаҭҳараа рырахә рыман иахьцало аҭыԥқәа рыӡбахә ҳаиҳәоит Борис Аиба.

Иара шьҭа арҭ аҭыԥқәа дырҩегьых рҿысра азы имч мхозар, иеиҵбацәа уи атрадициа нарыгӡоит.

Аԥсҭа ианҭало ишныҳәо

Шьхацан азы ахьчацәа амҩа ианықәло, иныҳәа-ныԥхьаны ирышьҭуеит. Аԥсҭа ианҭалалакгьы, аҭыԥ аҿы ианнеилак, ашьтәа шьны аныҳәара мҩаԥыргоит рырахә-рышәахә, дара Аԥсҭа иахылаԥшхәу ихьчарц, ԥырхага рмоурц азы. Ашьтәа аныршьуагьы аҩашоуп, уаанӡа ашьтәа ҿарҳәаӡом, аҭыԥ аҿы иоужьны иҵоуп.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцаратә бызшәа амаӡақәа

"Уаҵә ҩашоуми, аҩаша, уаҵә ҩашазар, ирымшьуеи, ара аду ирылоу дыркәабон, дыршьышьуан, деиҭакны… Уаҵәы дҩагыланы ишьтәа ишьуан. "Ҳазшаз ҳуҳәоит! Аԥсҭа ду ҳуҳәоит! Ҳаззааз ақәнага ҳақәыршәа, ҳныҟәга! Ҳашәарах ҳаҭ, агьы, ҳарахә хьча, ҳара ҳахьча, ԥхасҭа ҳамҭакәа ҳныҟәыугарц ҳуҳәоит!" ҳәаны, амныи ашьтәа ршьуан. Акәакәарқәа хԥа, фба, жәба, жәаҩа – абарҭ рыхԥа руакы ҟарҵон. Акәакәар ҟаҵаны акәын ишныҳәоз. Абри акәын ныҳәарас иамаз Аԥсҭа, Ҳазшаз излаиҳәоз абри акәын!" – ҳәа иаҳзеиҭеиҳәеит ҳара ҳинформант.

Иара убас уи дазааҭгылеит аԥсҭа иҭоу ихы шымҩаԥигар акәу, иара абызшәала уцәажәалар шакәу, аха урҭқәа уажәшьҭа изҭахыда ҳәа дагьахашшааит.

"Ажәытәаны излеицәажәоз: аԥҳәыс – калҭ ау, аӡӷаб – калҭ ау гәаҷ, ахаҵа, аҭаҳмада – амасаба, амасаба хәыҷы, амасаба дыу – абас хԥаны еихыршон. Аџьма – кьыцә ахьӡын, ауаса – кьыцә аҳкәажә ахьӡын, ала – ҿымш, ашәақь – заԥ. Абас, абас акәын хьӡыс еибырҳәоз. Уажәы? Уажә зегь ишабалакь ицәажәоит, аха усҟан ишабалакь уцәажәар ҟалаӡомызт" – ҳәа азгәаиҭоит Борис Аиба.

© Фото : Денис АибаБлабырхәааи Гарԥааи еимаздо ашьха Кылҳа ду
Мҩахәасҭала ахрақәа рахь – Аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Блабырхәааи Гарԥааи еимаздо ашьха Кылҳа ду

Аԥсабара зҽамаздо ауаҩы аԥсабара даднакыларц азы уи иақәнаго аԥҟарақәа дрықәныҟәозароуп. Ҳәарада, зегьы ирылшом ашьха ахалара, уи аџьабаа иацугьы маҷым, аха иара аԥшӡара аҭаарагьы мал дук иаԥсоуп. Мал зымбац амал изныҟәгом ҳәа, аԥсабара аиқәырхарагьы уи иамадоу ауаҩы ибзоуроуп. Арахә зманы ашьха ихалаз Аԥсҭа ду алԥха рымазааит, Ашьха анцәахәы дырхылаԥшааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0