Урыстәыла Атәанчахәытә фонд ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа усутә ныҟәарала иаауеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыплата пенсии
Выплата пенсии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза аахыс Аԥснытәи атәанчаҩцәа урыстәылатәи атәанчахәқәеи аԥсуа шәарақәеи абанктә хсаалагақәа рахь акәымкәа, Аҵәахырҭатә банк акассақәа рахьи егьырҭ акоммерциатә банкқәа ркассақәа рахьи ирзынарышьҭуа иалагеит.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik. Урыстәыла Атәанчахәытә фонд ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа усутә ныҟәарала иаауеит иааиуа амчыбжь азы ҳәа иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи атәанчахәы Аԥсны арыҭара аграфик рыԥсахит

Аҟазауаа ара рыҟазаараан иалацәажәараны иҟоуп Аԥсны урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аформа ҿыц. Иара игәаанагарала, атәанчаҩцәа рзы рацәак иманшәалам ари аформа аамҭалатәуп.

Атәанчаҩцәа абанкқәа ркассақәа рҿы мацара амаҵзурақәа рзынагӡарахь аиасра иара ахатәы мзызқәа амоуп ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

"2015 шықәса раахыс Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара қәҿиарала аҿиара иаҿуп атәанчахәытә еиқәыршәара аусхк аҟны аизыҟазаашьақәа. Аинырра ҭбаа шыҟазгьы, аиқәшаҳаҭра анагӡараан апроблемақәа аҭыԥ роуит, хаҭала зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа ргара", - азгәеиҭеит Делба.

Абри инадҳәаланы ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәхеит иҳәеит иара.

"Макьаназы асеиԥш ашәарақәа реизҳара аанызкыло акәны иҟоуп аамҭала абанктә картақәа АԤРА рхархәара аԥкра, атәанчахәқәа акассақәа рҿы раиура", - иҳәеит аминистр.

Владимир Делба далацәажәеит аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи мҩаԥызго Аԥсны Атәанчахәытә фонд иамоу ауадаҩрақәа.

"Аҭагылазаашьа уадаҩ аҭыԥ амоуп Аԥсны Атәанчахәытә фонд. Ашәарақәа еиҿызкаауа аԥгаԥсатә шәарақәеи егьырҭ ареспубликатә биуџьет ашәарацҵақәеи роуп. Ареспубликатә биуџьет азы азакәан инақәыршәаны, ашәарацҵақәа ишьақәдыртәеит 137,5 миллион мааҭ. Ареспубликатә биуџьет алагалақәа рылаҟәра азԥхьагәаҭаны, афонд ацхыраара азыҟаҵо, инхаҭәааны ашәарацҵақәа мҩаԥнагеит", - азгәеиҭеит иара.

Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны
Нанҳәамзатәи аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи рыҭара иалагоит иааиуа амчыбжь азы

Атәанчахәытә фонд аҟны аԥаразымхара иахырҟьаны ахада ифонд аҟынтәи атәанчахәқәа ршәаразы инашьҭын рашәарамзазы 30 миллион мааҭ.

"Иахьазы нанҳәамзазтәи атәанчахәы ашәаразы уалны инханы иҟоуп 56 миллион мааҭ. Нанҳәамзазтәи атәанчахәы шәоуп Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы. Атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара атәылаҿы 46 000-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи 32 000-ҩык урыстәылатәи атәанчахәқәа роуеит. Ииасыз ашықәс анҵәамҭазы аҽа ҳәынҭқаррак атәанчахәы змауа атәанчаҩцәа аԥарацҵа рыҭаразы аӡбара рыдкылан. Есымзатәи абри аҭахразы иахәҭаны иҟоуп 20 миллион мааҭ", - иҳәеит Владимир Делба.

Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба аҳәамҭа ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны Аԥснытәи атәанчаҩцәа урыстәылатәи атәанчахәқәеи аԥсуа шәарақәеи абанктә хсаалагақәа рахь акәымкәа, Аҵәахырҭатә банк акассақәа рахьи егьырҭ акоммерциатә банкқәа ркассақәа рахьи ирзынарышьҭуа иалагоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0