Урыстәылатәи атәанчахәы Аԥсны арыҭара аграфик рыԥсахит

© Sputnik / Марианна Кубрава Сбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аграфик есымза еиқәнаршәалоит.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахбанк аҟны урыстәылатәи атәанчахәы рыҭара аграфик аҽаԥсахит, 1948-1952 шықәсқәа рзы ииз атәанчаҩцәа ртәанчахәы роуеит нанҳәа 25 инаркны, абри атәы иҳәеит Аҵәахбанк анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Гадлиа.

Микрофон - Sputnik Аҧсны
Арадио
Атәанчаҩы аԥҟара ҿыц ала атәанчахәы ашәаразы: ақыҭахь инаргалар бзиан

Убри адагьы абри амчыбжь азы Аԥсны аԥсшьарамшқәа хәба ҟалоит. Абанк аҿы изларҳәаз ала, Урыстәыла атәанчахәытә фонд ианаамҭоу атәанчахәы аханаԥхьаӡалоит, аха Аԥсны аԥсшьарамшқәа ахьыҟоу азы абанк аклиентцәа рымаҵ зауам, убри азы ауаа атәанчахәқәа нанҳәа 25 рзы, ма аԥсшьарамшқәа рышьҭахь иамырхыр ҟалоит.

"Аҵәахбанк ахаҭарнак уаанӡа АИХқәа аинтервиу анриҭоз иазгәеиҭеит атәанчаҩцәа ақәратә гәыԥқәа рыла еихшаны атәанчахәқәа ишрыҭахо, уи зыҟаҳҵаз аҟәшақәа рҟны агәаранқәа ҟамларазоуп", – иҳәеит Гадлиа.

Ишьақәдыргылаз аграфик инақәыршәаны, атәанчаҩцәа ақәратә гәыԥқәа ԥшьба рыла иршеит. Актәи акатегориа атәанчаҩцәа нанҳәа 17 рзы аԥара рзахыԥхьаӡалан, аха иазгәаҭаз аҿҳәаразы зԥара згаз 20% заҵәык роуп. Усҟан изгараны иҟаз иахьырымгаз азы егьырҭ амшқәа раан ауаа рацәаны иадҵаало иалагеит. Убри иахҟьаны аҟәшақәа рҿы аҭагылазаашьа арманшәаларц азы абанк анаҩс иааиуаз ахыԥхьаӡаларақәа нанҳәа 24 рҟынтәи нанҳәа 25 рахь иианагеит.

Убас ала, 1948-1953 шықәсқәа ирыҵаркуа атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа роуеит нанҳәа 25 инаркны Аҵәахбанк акассақәа рҟны. 

Аҵәахбанк ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ иара убас иазгәеиҭеит аҿҳәарақәа шырԥсахызгьы, уеизгьы агәаранқәа шыҟац ишыҟоу.

Алла Сангулиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Анотариус атәанчаҩ изы агәраргага аҟаҵаразы: ргәы иҵхо усны ишыҟоу еилаҳкаауеит

"Агәаранқәа мзызс ироузар ҟалоит актәи акатегориахь иаҵанакуа атәанчаҩцәа аҿҳәарақәа рзы ианаамҭаз адырра рмоузар, мамзаргьы агәраргага аҟаҵара иахьымӡазар. Ари апроцесс иаарласны иухуго акәӡам, иагьымариам. Анотариалтә конторақәа рҿгьы агәаранқәа ыҟазаргьы ҟаларын. Ари аҭагылазаашьа уажәтәи аԥҟарала атәанчахәқәа раԥхьаӡа акәны иахьрыҭахо ауп изыхҟьо. Анаҩстәи амзақәа рзы ус еиԥш иҟаларым, иашьцылоит. Зегьы ҭышәынтәалахоит", – агәра ганы дыҟоуп Гадлиа.

Ԥхынгәы анҵәамҭазы Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны аурыс тәанчахәи аԥсуа ԥарашәарақәеи роулоит рбанктә хсаалагақәа рахь акәымкәа, Аҵәахбанк акассақәа рҿы мацара, мамзаргьы атәанчаҩцәа ахьҭаҩу егьырҭ акоммерциатә банкқәа рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0