Апарламент ахь аиҭалхрақәа рҿы 44% рыбжьы арҭахьеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАпарламент ахь аиҭалхрақәа рҿы 44% рыбжьы арҭахьеит
Апарламент ахь аиҭалхрақәа рҿы 44% рыбжьы арҭахьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, цәыббра 13 рзы.

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҟны аиҭалхрақәа 18:00 рзы ауаа рааишьа иартәеит 30,42% алхыҩцәа. Убри атәы аанацҳауеит Аԥсны алхратә комиссиа хада.

Аиҭалхрақәа шьақәгыларц азы урҭ рхы рыладырхәроуп 25% алхыҩцәа.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы.

Аихшьаалақәа инарықәыршәаны:

  • Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №18 аҟны депутатс далхуп Алхас Ҳагба,
  • Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14 аҟны – Алмасхан Барцыц,
  • Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟны – Гарри Кокаиа.

Аиҭалхрақәа азгәаҭан Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 аҿы, Ҭемыр Беиеи Ҭамаз Леибеи кандидатс иахьықәгылаз, рҩыџьагьы иазхоз абжьқәа ахьырмоуз азы.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0