Аԥснытәи аруаа Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра 30 шықәса ахыҵраз апарад иалахәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПринятие присяги курсантами, поступившими в военные вузы России
Принятие присяги курсантами, поступившими в военные вузы России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра 30 шықәса ахыҵраз апарад мҩаԥысраны иҟоуп Цхьинвал, Атеатр ашҭаҿы цәыббра 20 рзы.

АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik. Аԥснытәи аруаа, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшкомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа абираҟмҩангаҩцәа ргәыԥ Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра 30 шықәса ахыҵраз апарад иалахәхоит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба.

"Цәыббра 20 рзы иҵуеит 30 шықәса Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика шьаҭаркуижьҭеи. Ареспублика атәылахьчара аминистр ин.н. Ибрагим Гассеев Цхьинвал имҩаԥысраны иҟоу апарад алахәхаразы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшкомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа  акурсантцәа ааԥхьара рзааишьҭит", - иҳәеит иара.

Цхьинвал имҩаԥысуа арратә парад иалахәхоит Аԥснынтәи 46-ҩык акурсантцәа. Цәыббра 18-19 рзы имҩаԥгахоит арепетициа ҳәа иҳәеит Ҵәыџьба.

"Ҳаруаа, акурсантцәагьы налаҵаны цәыббра 30 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу арратә парад рҽазыҟарҵоит. Сынтәа апарад арратә техникада имҩаԥысуеит. Цхьинвал ҳкурсантцәа Аԥсны абираҟ мҩаныргараны иҟоуп", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Военные учения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Амшыни ашьхақәеи рҿы: аԥсуеи аурыси арратә нџьнырцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Беслан Ҵәыџьба иҳәеит аԥснытәи агангьы Аахыҵ Уаԥстәылатәи рколлегацәа апарад ахь ишаарыԥхьо.

Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра 30 шықәса ахыҵраз апарад мҩаԥысраны иҟоуп Цхинвал, Атеатр ашҭаҿы цәыббра 20 рзы. Апарад иалахәхоит Атәылахьчара аминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзура, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Аиустициа аминистрра, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аԥшьбатәи  агвардиатә арратә база рбираҟныҟәгаҩцәеи рпарадтә расчотқәеи.

Цәыббра 20 1990 шықәса рзы Жәлар рдепутатцәа рхеилак ирыдыркылеит аӡбамҭа Аахыҵ Уаԥстәылатәи автономтә област астатус СССР иалахәу Адемократиатә республика аҟынӡа ашьҭыхразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0