Ҩышықәса рыла абызшәа аҵара: "Аԥсны агәадура" афиналист Гал апроект шымҩаԥиго

© Sputnik / Томас ТхайцукУчебник Анбан
Учебник Анбан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вахтанг Убириа - аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" дафиналиступ. Аконкурс аҿы ирыдигалаз апроект Гал араион аҟны аԥсуа бызшәа аҵара атема иаҵанакуан.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Гал араион аҿы аԥсуа бызшәа арҵара апроект нап асыркит ҳәа аинформациатә маҵзура  Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиндаҭлара афиналист Вахтанг Убириа.

Иара аконкурс аҿы ирыдигалаз апроект аҵара, аҿартә политика, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхразы азакәанԥҵара аиҭакрақәа иара убасгьы Гал араион аҿы аԥсуа бызшәа аҵара атемеи ирыдҳәалан.

"Иҟоуп Баграт Шьынқәба ихьӡ зху афонд, авидеоурокқәа рхархәарала аԥсуа бызшәа аҵаразы аинтерактивтә программа аззырхиаз. Афонд аԥшьгарала апрограмма аларҵәара нап аҳаркит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Убириа.

Иара иажәаәқа рыла, апрограмма Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ аҿы аусура хацыркуп. Уаанӡа алагарҭатә классқәа рҿы мчыбжьык ахь урокк акәзар иҟаз уажәы аԥсуа бызшәазы х-урокк ыҟоуп.

Апрограмма иара убасгьы аусура иалагараны иҟоуп Гал араион ахәыҷбаҳчақәа рҿы.

Ахра Квеквескири - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәакәасқьыр еиҭеиҳәеит Гал алагарҭатә класс аҟны аԥсшәа дырҵара ишалагаз

"Апрограмма убас еиԥш еиҿкаауп шықәсык ашьҭахь алҵшәақәа унырыртә аиԥш, аҽа ҩышықәса рышьҭахь абызшәа аҳәара алшоны иҟанаҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит Убириа.

Вахтанг Убириа 2021 шықәса рзы аҿартә интерактивтә центр аартразы апланқәа шимоу иҳәеит. Ацентр аҿгьы Гал араион ауааԥсыра ирылшоит  аԥсуа бызшәа аҵара.

Иара убасгьы иҳәеит 2021 шықәса инаркны Гал араион ахадара рыцырхырааны ишаԥҵахо аинновациатә центр.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0