Гагра имҩаԥысит аԥкьаҭасразы атурнир "Ахылԥа ду"

© Sputnik / Марианна КубраваТеннисный корт
Теннисный корт   - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XIX Жәларбжьаратәи аԥкьаҭасразы атурнир "Аԥсуа хылԥа ду" мҩаԥысит Гагра, цәыббра 26 - 27 рзы. Атурнир аԥхьахәқәа: "Ахьтәы", "Араӡынтәы", "Аџьаз уарбақәа" рзы еиндаҭлон 24-ҩык аԥкьаҭасыҩцәа.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Гагра, цәыббра 26 - 27 рзы имҩаԥысит XIX Жәларбжьаратәи аԥкьаҭасразы атурнир "Аԥсуа хылԥа ду - 2020" .

Атурнир аԥхьахәқәа: "Ахьтәы", "Араӡынтәы", "Аџьаз уарбақәа" рзы еиндаҭлон 24-ҩык аԥкьаҭасыҩцәа.

"Актәи аҭыԥ ааныркылеит: Сергеи Залиотини (Урыстәыла Афырхаҵа, аԥырҩы-акосмонавт – Москва) Николаи Калиниченкои (Мордовиа аԥкьаҭасразы Афедерациа ахада – Саранск). Араӡны уарбақәа ранашьахеит: Владимир Барашкови (азинхьчаратә маҵзурақәа р-Ассоциациа – Москва) Игор Колосови (2-тәи аранг акаԥдан – Севастополь). Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит: Владислав Литвиненкои (амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аҳақьым) Станислав Синиавскии (анаплакҩы)",  - ҳәа аанацҳаит Затулини ИАР атәылақәа ринститути рыпресс-маҵзура.

Атурнир еиҿыркааит: аԥкьаҭасразы Урыстәыла Афедерациа анапхгара алахәыла, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулини ИАР атәылақәа ринститути, Шәача аҩызцәа рыклуби, аԥкьаҭасразы Аклуб "Ахылԥа дуи", Гагарин ихьӡ зху аԥрыҩцәа-акосмонавтцәа аԥкьаҭасразы рыклуби. Адгылара аиҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, урыстәылатәи аҳәынҭеилакы "Ростех", ОАО "Рособоронэкспорт", Урыстәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Игор Левитин, асенатор Арсен Каноков.

Константин Затулин ишазгәеиҭаз ала, атурнир ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥгахеит.

"Аԥсуа хылԥа ду - 2020" хыркәшахеит. Нагӡара рымазааит "Аԥсуа хылԥа ду - 2021". Иҭабуп идуӡӡаны: амра, аҳауа, аӡы, Аԥсны, аԥсуа жәлар!".

Аԥкьаҭ асразы атурнир мҩаԥысуеит 2001 шықәса раахыс. Атурнир мҩаԥгамызт 2004 шықәса рзы Беслантәи арыцҳара инамаданы.

Атурнир амҩаԥгара аԥшьган аԥкьаҭ абзиабаҩцәа рҭахрала. Еиҿкааз аклуб "Ахылԥа ду" напхгара аиҭоит Константин Затулин.

Ажәабжьқәа зегьы
0