Аҟәа даҽа школки ахәыҷбаҳчақәа хԥеи адыркит акарантин азы

© Sputnik / Томас ТхайцукШкола номер 4
Школа номер 4 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵаратә усҳәарҭақәа рҟны акоронавирус аламырҵәаразы имҩаԥыргоит апрофилактикатә уснагӡатәқәа.

АҞӘА, цәыббра 29– Sputnik. Аҟәатәи абжьаратә школ №4 акарантин ахь ииагоуп жьҭаара 5 рҟынӡа. Хәҭакахьалатәи акарантин алагалоуп ашкол №3 аиҵбыратә классқәа рзы ҳәа аарыцҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит аҟны.

В Приморье возобновили обучение детей в малокомплектных школах - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аԥшьбатәи ашкол алагарҭатә классқәа акарантин рымоуп

Аҟәа ақалақь ахадара аилацәажәараҿы аҳҭнықалақь Аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа илҳәеит ақалақь ахәыҷбаҳчақәа 13 рҟынтәи ҩба - "Алакәи" "Аҟармаҵыси" - акарантин азы ишарку.

Иара убасгьы ахәыҷбаҳча "Гәында" аҟны акоронавирустә инфекциа иахҟьаны ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы уи ашколқәранӡатәи аҵаратә усбарҭа аркызарц Асҭанда Ҭаркьылԥҳа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба диҳәеит.

"Ашколқәа ҩба рҟны аҭагылазаашьа шәарҭоуп. Убри азы аҳәара ҟасҵоит ашкол №4 аркызарц, ашкол №3 ахәҭакахьала жьҭаара 5 рҟынӡа иаркызарц. Егьырҭ ашколқәа рҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Ҳара уи хылаԥшра аҳҭоит. Иара убасгьы азхьаԥшра рыҭатәуп ахәыҷбаҳчақәа. Урҭ рҟынтәи ҩба аҳаркхьеит. Аҭагылазаашьа аицәахара ҳазымԥшыкәа, ахәыҷбаҳча "Гәындагьы" акарантин ахь ашьҭра аҭахны исыԥхьаӡоит", - иҳәеит Ешба.

Цәыббра 20 рзы аҟәатәи актәи ашкол аҵаҩцәа аҩныҟа иоушьҭын ҩымчыбжь ҳәа арҵаҩцәа руаӡәк лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0