Аекспертцәа урыстәылатәи атуристцәа аԥсшьаразы рхырхарҭа хадақәа ҩба азгәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Пицунде
Туристы в Пицунде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Миллионҩык рҟынӡа урыстәылаа сынтәа аҳәаанырцә рыԥсы ршьон ҳәа азгәаҭоуп Атуриндустриа урыстәылатәи ахеилак адыррақәа рҿы.

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Урыстәылатәи атуристтә поток аиҳарак иахьцо ҩ-тәылак рахь ауп - Ҭырқәтәылеи Аԥсни. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Атуриндустриа урыстәылатәи ахеилак ахада Андреи Игнатьев иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Атәылақәа жәаба рахь аҳәаа аартуп. Аха аиҳарак атуристцәа ахьцо ҩ-тәылак рахь ауп - Ҭырқәтәылеи Аԥсни.

Единый билет - Sputnik Аҧсны
2020 шықәса рзы "Иаку абилеҭ" рхы иадырхәеит зықьҩык инарзынаԥшуа ауаа

Игнатьев миллионҩык рҟынӡа урыстәылаа сынтәа аҳәаанырцә рыԥсы ршьон ҳәа азгәеиҭеит, иагьациҵеит 2020 шықәсанӡа Ҭырқәтәылаҟа мацара есышықәса быжьмиллионҩык ԥсшьара ишцоз.

Иара убасгьы иҳәеит Урыстәыла алаларатә туризм аҟынтә 7-8 миллиард доллар шамоуз.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аадыртит нанҳәа 1 инаркны. Уаанӡа аҳәаа акоронавирус иахырҟьаны ԥшьымз иаркын. Нанҳәа 7 рзы аихамҩатә еимадара хацыркын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0