Шьамтәыла Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартхоит жьҭаара 6 рзы

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияФлаги Сирии и Абхазии
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегациа Дамаскҟа инеиит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа аҽалархәразы жьҭаара 4 азы.

АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Дамаск ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра мҩаԥгахоит жьҭаара 6 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Аныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит ҩ-ганклатәи аиԥыларақәа.

Аԥсны аделегациа напхгара аиҭоит Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа. Аделегациа аилазаара иалахәуп: Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ахада иусбарҭа, Атәылахьчара аминистрра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата рхаҭарнакцәа.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 29 рзы.

2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0