Аҳәира зхыҵәаз агәалашәара: Аҟәатәи апантеон арыцқьара иалагеит

© SputnikСухумский пантеон приводят в порядок
Сухумский пантеон приводят в порядок - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хымш ҵуеит апантеон арыцқьара нап аркуижьҭеи Аҟәа ахада Беслан Ешба инапынҵала. Акыр шықәса ҵуеит апантеон уаҩ даламкьысижьҭеи. Абарҭ аамҭақәа рыла ара аҵлақәеи абаџьари гылан иҟан.

Аҟәатәи апантеон арыцқьара ишаҿу, иара аҵакыра аамҭа-аамҭала изгәамсамкажьырҭахо, насгьы ари апроблема шыӡбатәу Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

"Мчыбжьык инарықәны аус аауеит. Аҵакыра рацәак идуум, аха абнара ӷәӷәаны иахыҵәеит", - иҳәеит ҳзыҿцәажәоз атрактор арныҟәцаҩ.

Пантеон абхазских писателей - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ ргәадура абнара анырхыҵәо

Аҟәа ақалақь ахадара Аиқәыршәазааразы адепартамент хымш раԥхьа аусурақәа хацдыркит ақалақь ахада Беслан Ешба инапынҵала.

"Афуникулиор аҿы ааигәа асубботник еиҿкаан. Усҟан апантеон аҭагылазаашьа азхьаԥшра аҳҭеит. Агәамсам рацәан. Аҵлақәа ҭиааит. Уажәы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит, анеирҭамҩақәа ҳрыцқьоит, нас иара апантеон ахаҭа напаҳаркуеит", - ҳәа иҳәеит амуниципалтә усбарҭа аиҳабы Саид Кәыриԥа.

Кәыриԥа иажәақәа рыла, апантеон акыршықәса ҵуеит нап адкыламижьҭеи. Анышәынҭрақәа аҳаскьын рҭиааит. Ҳәарада иҟоуп нап зыдкылоугьы, аха уи зыуа-зҭахы неиуа роуп.

© SputnikАҟәатәи апантеон ахь уназго амҩа аҭыԥ иқәырҵоит
Аҳәира зхыҵәаз агәалашәара: Аҟәатәи апантеон арыцқьара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи апантеон ахь уназго амҩа аҭыԥ иқәырҵоит

"Апантеон аҿы ирыцқьоу анышәынҭрақәа уа анышә иамадоу рҭынхацәа ахьнеиуа ауп. Иҟалап зегьы усеиԥш алшара рымамзар", - ҳәа иҳәеит Саид Кәыриԥа.

Аусуҩцәа уахь узланеиуа амҩақәа дрыцқьеит. Уаҵәы инаркны иара апантеон ахаҭаҿы арыцқьаратә усурақәа ирылагоит.

© SputnikАусуҩцәа апантеон ахаҭа арыцқьара иалагоит уаҵәы, жьҭаара 10 рзы
Аҳәира зхыҵәаз агәалашәара: Аҟәатәи апантеон арыцқьара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Аусуҩцәа апантеон ахаҭа арыцқьара иалагоит уаҵәы, жьҭаара 10 рзы

"Иԥыҟҟоу амахәқәеи ирху абаџьари џьарак еизакны ибылтәуп", – адҵа ҟаиҵоит зыхьӡ зымҳәаз ахаҵа.

Иара иажәақәа рыла, аусурақәа уаҵәы ихыркәшахоит. Аха иара игәы каҳан ишыҟаз убон.

"Аамҭа-аамҭала арыцқьара ҵак амаӡам. Иахьа иаҳрыцқьоит, уаҵәы еиҭах агәам еизоит. Аҳәарагьы уацәыԥхашьартә иҟоуп, аха арахь ихало ауаа роуп абриаҟара ацрыҵ нзыжьуа. Ааира ҟамло амҩа арктәуп апроблема аӡбаразы. Есышықәса иаҳҳәоит, аха лҵшәак амам", - иҳәоит ахаҵа.

Аҟәатәи ашьхаҿы атәыла иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рпантеон аартра аидеиа цәырҵит 1959 шықәса рзы апоет Алықьса Лашәриа иԥсҭазаара даналҵ, аха иара аартра алыршахеит 1965 шықәса рзы. Раԥхьа ара анышә дамардеит Гәылрыԥшь араион апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩ Григори Ԥлиа. Апантеон аҿы анышә иамадоуп еицырдыруа ареспублика ауааԥсыра: ашәҟәыҩҩцәа Қьаазым Агәмаа, Иван Ҭарба, актриса Минадора Зыхәԥҳа, актиор Шәарах Ԥачалиа, аҵарауаҩ Михаил Ҭраԥшь уҳәа ирацәаҩны.

Згәы былуа ауаа аамҭа-аамҭала апантеон аҭыԥ иқәырҵоит. 2014 шықәса рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа асубботник мҩаԥыргеит. 2017 шықәса рзы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит ақалақьтә еизара алахәылацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0