Аслан Бжьаниа Аԥсуа ар ирыдиныҳәалеит Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара амш

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Президент Абхазии, Главнокомандующий Вооруженными силами Аслан Бжания поздравил командование и личный состав Абхазской армии с Днем создания Вооруженных сил Республики Абхазия
 Президент Абхазии, Главнокомандующий Вооруженными силами Аслан Бжания поздравил командование и личный состав   Абхазской армии с Днем создания Вооруженных сил Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 11, 1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амцашыраан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак апрезидиум ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Ақәҵара Атәылахьчара аминистрреи, Арбџьармчқәеи, Агенералтә штаби раԥҵаразы.

АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада, Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа Аԥсуа ар анапхгареи ахатә еилазаара ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа аԥҵоуижьҭеи 28 шықәса аҵра инамаданы.

Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп аҳәынҭқарра аҽахьчарц азы ар арҿыцра иазынархоу аусмҩаԥгатәқәа хымԥада ишаҭаху.

"Аҩызцәа афицарцәа, адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҿы иҟоу ахҭысқәа иаҳдырбоит ҳара еснагь агрессиа аҿагылара ҳалшо ҳаҟазар, Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети аҵакыратә акзаареи рыхьчара ҳазыхиазар шакәу. Хымԥада иаҭахуп Аԥсны Арбџьармчқәа рырҿыцразы аусура рӷәӷәатәуп, урҭ иахьатәи аамҭа аҭахрақәа ирықәшәо иҟаларц азы. Атәыла анапхгара иалшо зегь ҟанаҵоит ҳҳәынҭқарра атәылахьчаралшара аизырҳаразы, ар аматериал-техникатә база арӷәӷәаразы", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Ахада иара убас иазгәеиҭеит Аԥсуа ари Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аруааи еицымҩаԥырго арратә ҽазыҟаҵарақәа Ҳарбџьармчқәа атәылахьчара аусхк аҟны рылшарақәа шеиздырҳауа.

Принятие присяги новобранцами абхазской армии  - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарреи амилаҭи еиқәзырхо, изыхьчо: Аԥсны Арбџьармчқәа шаԥҵаз

Иара убасгьы иара Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, ахатә еилазаареи, аекипажи ирыдиныҳәалеит аԥсуа танкистцәа Москва имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа 2020 рҟны иаадырԥшыз ақәҿиарақәа рзы.

Аслан Бжьаниа "еснагь еиԥш ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара зыхьчо мчы ӷәӷәаны изықәгәыӷуа" аруааи арезервистцәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, Аԥсадгьыл ахьчаразы рмаҵураҟны аихьӡарақәа.

Жьҭаарамза 11, 1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амцашыраан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак апрезидиум ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Ақәҵара Атәылахьчара аминистрреи, Арбџьармчқәеи, Агенералтә штаби раԥҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0