Sputnik амчыбжь: Шьамтәыла иаадыртыз ҳ-Ацҳаражәҳәарҭа, "Ауаҩы игыларҭа", акоронавирус

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияФлаги Сирии и Абхазии
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik есымчыбжьтәи ахҳәааҿы – Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Дамаск аартра, акоронавирустә ҭагылазаашьа, Фазиль Искандер ихьӡ зху акультура афестиваль уҳәа еиуеиԥшым ахҭысқәа.

Ииасыз амчыбжь азы ареспублика ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аԥкрақәа алагалан, Шьамтәыла иаартын Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа, ареспубликаҿ иаԥҵан Аконституциа ареформа азуразы акомиссиа.

Sputnik

COVID-19 азы аԥкрақәа

Аԥсны ауааԥсыра авирус рацәыхьчаразы аԥкрақәа амчра роуит жьҭаара 5 инаркны. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны, жьҭаара 5, 2020 шықәса инаркны Аԥсны аҵакыраҿы иҟалом рымҩаԥгара:

Аԥкрақәеи абжьгарақәеи - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҽацәыхьчаразы Аԥсны иалагалоу аԥкра ҿыцқәа

Амассатә, аспорттә, арлахҿыхратә, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәа ахыбрақәа рыҩнуҵҟа, акультура аусҳәарҭақәа аламҵакәа.

Акультура аусҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, акультуратә центрқәа, акультура аҩнқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатә залқәеи) русурақәа мҩаԥыргалароуп иарбоу аусҳәарҭақәа русуҩцәа хымԥада хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарԥақәеи) рхы иархәаны.

Иара убасгьы иҟалом ачаратәи егьырҭ агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәеи рымҩаԥгара.

Ауаажәларратә крыфарҭақәа робиектқәа атәылауаа рымаҵ аура иазку аишәақәа рыбжьара асоциалтә дистанциа (1,5 метра) рыбжьаҵарази амаҵ зуа аусуҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарԥақәеи) рхархәарази аҭаххарақәа рықәныҟәаразы.

Акоронавирус аҽацәыхьчаразы: Аԥсны ауааԥсыра аԥкра ҿыцқәа ишрықәныҟәо>>

Уи адагьы Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи афатәтә, ақыҭанхамҩатә, ашәҵатәы рџьырмыкьақәеи урҭ ирыду адгьылҵакырақәеи радминистрациақәа есҽны апрофилактикатә дезинфекциа рзыруроуп.

Аҭыԥантәи администрациақәа ауаажәларратә транспорт аҩныҵҟа есҽны апрофилактикатә дезинфекциа рзуразы, амашьынаныҟәцаҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарԥақәеи) рхы иадырхәароуп.

COVID-19 иаанагаз аԥсрақәа

Убри аамҭазы Аԥсны коронавирустә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Убас амчыбжь иалагазар COVID-19 иахҟьаны аԥсыҭбарақәа 13 рҟынтәи 21 рҟынӡа ихалеит. Жьҭаара 10 азтәи адыррақәа рыла иаарԥшуп акоронавирус змоу 2257-ҩык, ргәы бзиахеит – 829-ҩык.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус злаз даҽа ҩыџьа ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

Иахьазы Гәдоуҭатәи ковид-центр аҿы ишьҭоуп 163-ҩык, рҭагылазаашьа хьанҭоуп 21-ы, рҭагылазаашьа бжьаратәуп 29-ҩык.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа жьҭаара 10 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит араионқәа рмедицинатә усҳәарҭақәеи Аҟәа аҿкрачымазаратә хәышәтәырҭаҿи 100 иарак шырхиахо коронавирус змоу рзы.

Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы авирус змоу рзы аҟәша аремонт иаарласны ихыркәшахоит. Жьҭаара 12-13 инаркны ачымазцәа рыдкылара иалагоит Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа. Уа 30-ҩык рыдкылара алыршахоит.

Министерство здравоохранения передало Гагрской Центральной районной больнице препаратов и медизделий на сумму более 1 миллиона рублей - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра Гагра ахәышәтәырҭа COVID-19 аҟынтәи ахәшәқәа анаҭеит

Аминистр иҳәеит ақалақьтә хәышәтырҭаҿы аобсервациатә ҟәша аремонт шцо. Уа 20–ҩык рҟынӡа рыдкылара алшоит.

Ҩымчыбжь ирхымгакәа акоронавирус асимптомақәа змоу апациентцәа рыдыркылалоит Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿы. Уахь Тҟәарчалынтәигьы ачымазцәа неир рылшоит. Уа иҟалоит 30 иара-ҭыԥ.

Гал акәзаргьы, аремонттә усурақәа рышьҭахь жәа-иарак ахьыргылахо аҭыԥ хиахоит.

Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Дамаск

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра ацеремониа мҩаԥысит Дамаск ақалақь аҿы жьҭаара 6 рзы.

Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны
Дамаск Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аадыртит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа аҽалархәразы Шьамтәылаҟа инеит Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа.

Уаанӡа аԥснытәи аделегациеи Шьамтәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәеи аиԥыларақәа мҩаԥыргеит. Нап аҵаҩын аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра адипломатиатәии амаҵзуратәии паспортқәа змоу рзы авиза аԥыхразы.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 29 рзы.

2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара.

Афбатәи афестиваль: "Ауаҩы игыларҭа"

Жьҭаара 7 рзы иаатит Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа".

Фестиваль стоянка человека - Sputnik Аҧсны
Искандер имотивқәа рыла: VI-тәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртит Аҟәа

VI афестиваль традициа ҳасабла иаартын Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы. Афестиваль аартын раԥхьаӡа акәны идырбаз Аслан Галазов икиносахьа "Чик ихәыҷра" ала. Акиносахьа ҭыхын Аҟәа.

Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи афонд анапхгаҩы Шьазина Агрԥҳа иазгәалҭеит афильм асценари ашәҟәыҩҩы ихаҭа дшаԥхьахьаз, иагьшигәаԥхахьаз.

Афестиваль аҩбатәи амш азы имҩаԥгахеит астол гьежь, ахԥатәи амш азы – Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩнаҿы имҩаԥгахеит ахәыҷтәы сахьаҭыхратә еиндаҭлара "Аҳа иалху ашәырӡ".

Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" Аԥсны имҩаԥысуеит 2015 шықәса раахыс.

Аҟәатәи адәқьан арҳәра

Жьҭаара 5 рзы асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵит аҟәатәи адәқьан "Гәымсҭа" асабрадақәа зҿаны абџьар зкыз ахаҿқәа шақәлаз узырбо авидео.

Мвд Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи адәқьан иақәланы арҳәразы ашьаус хацыркхеит

Иара убри аҽны Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаус хацнаркит жьҭаара 5 рзы аҭыԥ змаз адәқьан "Гәымсҭа" арҳәразы.

Ашьаусԥшаара аусзуҩцәа ацәгьоуцәа злабналаз автомашьына рыԥшааит.

Ацәгьоура иалахәу ахаҿқәа рыԥшаареи раанкылареи рзы имҩаԥысуеит аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа.

Аконституциатә реформаз акомиссиа

Аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи рсистема ареформа азура ирзырхоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциахь аиҭакрақәа аус рыдулара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аконституциа ареформазы Акомиссиа аԥҵаразы аусԥҟа.

Акомиссиа анапхгаҩыс дҟалоит Наҭелла Акаԥҳа - Аԥсны Аҳәса рассоциациа анапхгара ахантәаҩы.

Аԥсны Аконституциа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аконституциа 26 шықәса ахыҵит

Акомиссиа аилазаара иалалеит: Асҭамыр Аппба, Саида Быҭәԥҳа, Витали Габниа, Гиви Габниа, Саид Гьезердаа, Кама Џьынџьал, Арда Иналиԥа, Ҭамаз Қьецба, Олег Папасқьыр, Диана Ԥлиаԥҳа, Сергеи Смыр, Баҭал Табаӷәуа, Алхас Тхагушев, Асҭамыр Ҭаниа.

Аԥсны Аконституциа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан абҵара 26, 1994 шықәсазы. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы иара жәларызегьтәи абжьыҭирала иазыразхеит.

Аконституциахь аиҭакрақәа изныкымкәа иаларгалахьан. 1999 шықәсазы иаԥыхын аӡбаҩцәа рымԥсахра апринцип, уи аахижьҭеи аӡбаҩцәа алырхуа иалауеит ҿҳәарас хәышықәса рыҭаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0