Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа ҩымчыбжьтәи акарантин амоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумское художественное училище
Сухумское художественное училище - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны коронавирус змоу рхыԥхьаӡара 2343-ҩык ыҟоуп. Ргәы бзиахахьеит 854-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит – 23-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа жьҭаара 27 рзынӡа акарантин ахь иоушьҭуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба.

"Ҩымш раԥхьа еилкаахеит ҳастуденткацәа руаӡәк дшычмазаҩхаз. Акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа уи азы адырра лысҭеит. Анаҩс, аминистр Гудиса Агрба иӡбарала аҵараиурҭа ҩымчыбжь акарантин ахь иоужьуп", - ҳәа иҳәеит иара.

COVID-19 аҽеимҽханакра аамҭазы аҵараиурҭа астудентцәеи арҵаҩцәеи ргәабзиара ахьчара хымԥадатәиуп ҳәа иҳәеит Адлеиба.

Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ахадара асоциалтә еиқәыршәара аусбарҭаҿ акарантин алагалоуп

"Иахьа, акоронавирус иахырҟьаны ҳмедицина ахьанҭара ду иаҵоуп, убри азы сгәанала иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп уи маҷк армариаразы", - ҳәа иҳәеит иара.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара 2343-ҩык ыҟоуп. Ргәы бзиахахьеит 854-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит – 23-ҩык.

Гәдоуҭатәи ацентр аҿы ишьҭоуп 173-ҩык, урҭ рҟынтәи COVID-19 рзышьақәырӷәӷәоуп 158 пациент, 28-ҩык аҭагылазаашьа уадаҩ рымоуп, абжьаратә ҭагылазаашьа рымоуп – 34-ҩык, 25 пациент ылҩаауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0