Аҽаҩра бзиа: Аԥсны ашәырқәеи арасеи рекспорт иазҳаит

© Sputnik Бадрак Авидзба Продажа ореха на рынке
Продажа ореха на рынке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны аҳазалхратә Еилакы аҿы иазгәарҭахьан 2020 шықәсазтәи атауареикәыршара ииасыз ашықәс иаԥнагар шалшо аекспорт ицо тауарқәак реизҳаразы.

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Амандарина, ахәырма, афеихо, араса рекспорт 2020 шықәса цәыббрамзази жьҭаарамзази 2019 шықәса, иара абри аамҭазтәи арбагақәа ирхысит, абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гурам Инаԥшьба.

Иара иажәақәа рыла 2019 шықәса цәыббра-жьҭаара амзақәа рзы атәыла иалган 200 кьыла ахәырма, сынтәа –тоннак, афеихо: 42,9 тонна– 65,9 тонна. Арбагақәа еиӷьхеит амандарина аганахь алагьы. Иахьазы Аԥсны иалгоуп 269 тонна.

Иара убас арбагақәа ҳаракуп араса. 2020 шықәсазтәи арбагақәа: 387,6  тонна; 2019 шықәсазтәи арбагақәа: 169 тонна.

Инаԥшьба иазгәеиҭеит сынтәатәи аҽаҩра ҵыԥх аасҭа акырӡа ишеиӷьу.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы иазгәәәеиҭеит 50 кьыла еиҳаны аалыҵ аҳәаа ахыгараан адекларирациа шхарҭәаатәу.  Партиа дула атауар ахыгараан абаџь - 0,1% шәатәуп атауар аҳазалхратә хәыԥса аҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0