Урыстәылатәи арратә амедусзуҩцәа COVID адиагностикаҟаҵара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи арратә округ арратә амедусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы иаарту ахырхарҭарацәатә мобилтә госпиталь аҿы апациентцәа рыдкылара иаҿуп.

АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҿы ПЦР-диагностика мҩаԥыргалоит акоронавирус аарԥшразы ҳәа Sputnik иазаанацҳаит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Уаанӡа Sputnik зыҿцәажәоз амобилтә госпиталь алабораториа-диагностикатә ҟәша аиҳабы Ренат Курбанов "Иахьазы ақалақь анапхгареи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭрала иӡбоуп ақалақьтә лабораториа ацхыраара аҭаразы ПЦР-диагностика ҳара иҟаҳҵаларц. Ҳазыхиоуп есыҽны шәкы рҟынӡа ПЦР-диагностика аҟаҵара. ПЦР-диагностика аҭакқәа роура алшоит 40 минуҭ рыҩныҵҟа", ҳәа иҳәахьан.

Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура адыррала агоспиталь ахь инаргахьеит 21 тәылауаа акоронавирустә инфекциа рыманы.  Урҭ рҟынтәи 20-ҩык бжьаратәуп. Аӡәы иҭагылазаашьа хьанҭоуп.

Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылаоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵоуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Амобилтә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә ақалақь Будионновск аҟынтә иаашьҭуп. Реилазаараҿ 113-ҩык ыҟоуп.

Амобилтә госпиталь иаҭахханы иҟалар 150 пациент аднакылоит.

Жьҭаара 23 азтәи адыррала амобилтә госпиталь "Аиҭар" игылоуп. Иахьазы 21 пациент рымоуп адиагноз COVID-19 ззышьақәыргыло.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0