Амобилтә госпиталь аҿы ПЦР-диагностика мҩаԥыргалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵоуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы.

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik. Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҿы ПЦР-диагностика мҩаԥыргалоит акоронавирус аарԥшразы иҳәеит Sputnik зыҿцәажәоз амобилтә госпиталь алабораториа-диагностикатә ҟәша аиҳабы Ренат Курбанов.

"Иахьазы ақалақь анапхгареи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭрала иӡбоуп ақалақьтә лабораториа ацхыраара аҭаразы ПЦР-диагностика ҳара иҟаҳҵаларц. Ҳазыхиоуп есыҽны шәкы рҟынӡа ПЦР-диагностика аҟаҵара", - иҳәеит иара.

ПЦР-диагностика аҭакқәа роура алшоит 40 минуҭ рыҩныҵҟа, азгәеиҭеит Ренат Курбанов.

"Еиуеиԥшым аҭагылазаашьа змоу апациентцәа ҳаднагалоит. Аиҳарак ибжьаратәу роуп", - иҳәоит Курбанов.

Иара иажәақәа рыла ирыдҵаало қәрала 60 ирҭысхьоу роуп.

"Ацхыраара ласы даанагоит апациент. Ара ҳара ҳмедусзуҩцәа дрыдыркылоит. Дҭырҵаауеит: ишоура ршәоит, арентген ҟарҵоит, ишьа ргоит. Абри ашьҭахь ауп ишьҭаҵаразы аӡбра анрыдыркыло", - иҳәоит аҟазауаҩ.

Раԥхьатәи апациентцәа: Аҟәа иаарту урыстәылатәи агоспиталь COVID-19 злоу ачымазцәа шаднакылаз - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи апациентцәа: урыстәылатәи агоспиталь COVID-19 злоу ачымазцәа Аҟәа ишаднакылаз

Амобилтә госпиталь уахи-ҽни адкылара мҩаԥнагоит иҳәоит Курбанов.

"Аҟәа еиԥш егьырҭ араионқәа рҟынтәгьы ачымазцәа ааргоит. Иҟоуп ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи иаҳзиаргогьы", - иҳәеит иара.

Агоспиталь аиҳабы Абдул Магомедов иҳәеит жьҭаара 20 раахыс 21 пациент шрыдыркылахьо.

"Ҩеижәаҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Даӷьысҭан иадкыланы ҳахәаԥшуазар, аҭагылазаашьа еиԥшуп, аха аратәи ачымазцәа рҭагылазаашьа еиҳа ихьанҭоуп. Аҳақьымцәа сменала рҽырыԥсахуеит. Сменак аҿы быжьҩык ҷаԥшьоит", - иҳәоит Магомедов.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵоуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Ставропольтәи атәылаҿацә ақалақь Будионновск аҟынтә иаашьҭуп. Реилазаараҿ 113-ҩык ыҟоуп.

Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылаоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0