Ақыҭанхамҩа аминистрра: Урыстәылаҟа ацитрустә шәырқәа рекспорт ахәԥса еиҵатәуп

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае
Продажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа аекономикеи ақыҭанхамҩеи рминистрцәа адҵа риҭеит ацитрусқәа Аԥсны анҭыҵҟа рекспорт ахәԥса аларҟәразы ауснагӡатәқәа рыдыркыларц азы цәыббра 17 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аекспорт ирго ацитрустә шәырқәа рыхәԥса еиҵатәуп ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.

Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада анапынҵа ҟаиҵеит ацитрусқәа рекспорт азы аныхрақәа рмаҷзарц

"Атәыла ахада анапынҵа шҳаиҭазҵәҟьа аԥыза-министр абри аусхк знапы алаку - аҳазалхыҩцәа, аҳәаахьчаҩцәа, акарантинтә маҵзура, аветеренартә маҵзура, аҳәынҭстандарт ҳаизганы дҳацәажәеит аилацәажәара иалахәын Аекономика аминистрреи Ақыҭанхамҩа аминистрреи рхаҭарнакцәа", - иҳәоит аминистр.

Џьапуа иажәақәа рыла аилацәажәараҿы ареспублика ахада инапынҵа анагӡара алыршара иазкылсын.

"Ҳара иҳаӡбеит ҳброкертә конторақәа арҭ аидарақәа имҩаныргаларц. Ацитрусқәа рекспорт азы уаанӡа 10 мааҭк шәатәызар, уажәшьҭарнахыс быжьмааҭк рҿы ишьақәыргылоуп", - иҳәеит Џьапуа.

Ацитрусқәа раԥхьатәи апартиақәа Урыстәылаҟа  инагоуп. Иахьазы аекспорт ахәԥса аа-мааҭк иҟоуп ҳәа иҳәеит иара.

"Уаанӡа ус ахәԥсақәа зыҟаз сзеилкаауам. Аҳәааҿы  амаҵзурақәа игыло иҟалап рыҩныҵҟатә ԥҟарақәа рыла арҭ ахәԥсақәа шьақәдыргылозар. Ари аԥсуа ган аӡбра акәӡам. Аҳәааҿы еснагь  аалыҵ аиагара ахәԥса анырра азҭо аганқәа ҩба шьақәгылоуп", -иҳәеит аминистр.

Гурам Инапшба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Инаԥшьба: анхаҩы ицитрустә аалыҵ аҳәаа иахигарц азы ашәҟәқәа зегьы реизгара илшаӡом

Иахьазы ацитрусқәа рекспорт 2 839 кьыла ыҟоуп. Ҵыԥх уажәааны 570 кьыла ракәын иахгаз ҳәа иҳәоит аминистр.

Аслан Бжьаниа аекономикеи ақыҭанхамҩеи рминистрцәа адҵа риҭеит ацитрусқәа Аԥсны анҭыҵҟа рекспорт ахәԥса аларҟәразы ауснагӡатәқәа рыдыркыларц азы цәыббра 17 рзы.

Бжьаниа иазгәеиҭеит аиҳабыра акризис аамҭазы иахәҭоу ашьаҿақәа рыдыркылароуп ҳәа.

"Хара имгакәа адкылара аҭахуп ацитрусқәа аҳәаа рахыгараан ахәԥсақәа еиҵатәхарц азы ауснагӡатәқәа. Ҵыԥх 12 – 13 мааҭ ыҟан, сынтәа иҵегьы еиҵатәтәуп. Ари аус шымҩаԥыжәго иунарбоит аиҳабыра ақыҭанхамҩа аусзуҩ ишизныҟәо. Ари напынҵаны иазышәыԥхьаӡа. Иаарласны аҭыԥ иқәҵатәуп", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

2019 шықәса анҵәамҭазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаган 14 нызқь тонна амандарина.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0