Аԥсны даҽа 52-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа 4772-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә згәы бзиахаз рхыԥхьаӡара 2929 ыҟоуп, зыԥсҭазаара иалҵыз – 55.

АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 253 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 52 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иаанацҳауеит гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны рыԥсҭазаара ишалҵыз хҩык апациентцәа: 1950 шықәсази 1957 шықәсази ииз ахацәеи, 77 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси. Дара ахәышәтәырҭа иҭашәеитакоронавирус рзышьықәырӷәӷәаны. 1950 шықәсази 1957 шықәсази ииз ахацәа рыԥсҭазаара иалҵит абҵара 7 рзы, 1943 шықәсазы ииз аԥҳәыс абҵара 8 рзы. Иақәнагаз атерапиа рзымҩаԥыргон.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны иԥсҭазаара далҵит 1947 шықәсазы ииз апациент. Иақәнагаз атерапиа шыизымҩаԥыргозгьы, абҵара 9 рзы идунеи иԥсахит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 120-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 105-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 38-ҩык, илҩаауп 11-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 32-ҩык апациентцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" иахьаҵанакуа иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 42-ҩык апациентцәа. 39-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0