АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 253 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 52 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аоперштаб иаанацҳауеит гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны рыԥсҭазаара ишалҵыз хҩык апациентцәа: 1950 шықәсази 1957 шықәсази ииз ахацәеи, 77 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси. Дара ахәышәтәырҭа иҭашәеитакоронавирус рзышьықәырӷәӷәаны. 1950 шықәсази 1957 шықәсази ииз ахацәа рыԥсҭазаара иалҵит абҵара 7 рзы, 1943 шықәсазы ииз аԥҳәыс абҵара 8 рзы. Иақәнагаз атерапиа рзымҩаԥыргон.
Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны иԥсҭазаара далҵит 1947 шықәсазы ииз апациент. Иақәнагаз атерапиа шыизымҩаԥыргозгьы, абҵара 9 рзы идунеи иԥсахит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 120-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 105-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 38-ҩык, илҩаауп 11-ҩык апациентцәа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 32-ҩык апациентцәа.
Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" иахьаҵанакуа иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 42-ҩык апациентцәа. 39-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>