Онлаин-концерт: Аԥсны Санкт-Петербургтәи афестиваль иалахәхоит

© Sputnik / Сария КварацхелияАнсамбль "Гунда"
Ансамбль Гунда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Амилаҭтә коллекциа" еиднакылоит жәлар рмузыка назыгӡо аколлективқәа.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik. Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәындеи" амузыкант Лука Гаделиеи алахәхоит есышықәсатәи афестиваль "Амилаҭтә коллекциа" ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.

Ансамбль "Гәында" алахәылацәа афестиваль аиҿкааҩцәа ирзырышьҭит рықәгыларақәа рвидеонҵамҭа: "Аҷандараҟа даагоит", "Аӡиаҵәа Риҵа", Филип Гласс иетиуд №1 (Лука Гаделиа).

"Сынтәа ари ахәбатәи афестиваль ауп. Ааԥхьара ҳауит. Ҳәарада уи гәахәарыла иҳадаҳкылеит", - лҳәеит лара.

Роза Чамагуа. - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа: "Гәында" иабзоураны аԥсуа ашәақәа ҳҵеит

Афестиваль иалахәхоит жәлар рмузыка назыгӡо аколлективқәа, академиатә нагӡаҩцәа, афлеита, акларнет, аскрипка, арфаҟны ахәмарыҩцәа ҳәа лҳәоит Џьниаԥҳа.

"Аномерқәа зегь еиднакылоит петербургтәи афилармониа. Сара афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы лыҳасаб ала Аԥсны ахьӡала сықәгылоит. Амҩаԥгаҩи сареи ҳаиҿцәажәара ашьҭахь аномерқәа дҳарбоит", - лҳәоит лара.

Иара убасгьы иазгәалҭоит петербургтәи афилармониа Азал маҷ аҟынтәи атранслиациа ишалаго абҵара 12 асааҭ 18:00 рзы YouTube аҿы.

Есма Џьниаԥҳа лажәақәа рыла Аԥсны афестиваль онлаин формат ала ралахәра ԥышәа дууп иахьатәи аԥкырақәа раамҭазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0