Cырма Ашәԥҳа, Sputnik
Ансамбль еиҿкаан 1977 шықәса рзы. Раԥхьа агәыԥ еиднакылон аҭыԥҳацәа реиԥш арԥарцәагьы. Иара убри ашықәсан, Аҟәатәи акультуратә ҵаралашаратә ҵараиурҭа аҟынтә ансамбль ииаган афилармониахь. Усҟан Аԥсны акультура аминистрс иҟаз Алықьса Аргәын иаԥшьгарала, ансамбль иаиуит иара ахатәы хьӡы — "Гәында".
"Нарҭаа дуқәа раҳәшьа заҵә Гәында ԥшӡа леиԥш ахьӡ-аԥша шәыманы шәҟалааит, шәҟазара адунеи иахыҵәааит, шәмилаҭ акультура аӡыргара шәақәшәааит!", — абас дныҳәаныԥхьаны, ансамбль "Гәында" арҿиараттә еихьӡарақәеи аԥеиԥш лашеи рзеиӷьеишьеит Алықьса Аргәын.
Ииашаҵәҟьаны, ансамбль "Гәында", иахьа ҳажәлар ирҿахәҳәагоуп. Уи ианыԥшуеит ҳжәытәреи ҳҿатәреи зегьы. Дара ирылоу абаҩхатәра иабзоураны, иахьа уажәраанӡа рыбжьы еицакӡам ҳажәлар ижәытәӡатәиу рмузыкатә рҳәагақәа. Ансамбль напхгара азылуеит ааԥсара ззымдыруа, зажәеи зуси еимадоу, ахәаԥшцәа рыбзиабара иаԥсахаз, Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа.
"Ҳахәаԥшцәа напеинҟьарыла, гәаартыла ианаҳԥылоу, ҳара ҳзы еиҳау насыԥ ыҟам", — лҳәоит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы.
Ансамбль "Гәында", Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы аганахь имгылеит, аҭыԥҳацәа изларылшоз ала рхы аадырԥшит, ҭабиацыԥхьаӡа ицаны, ҳаибашьцәа ашәа рзырҳәон, ргәы шьҭырхуан, иҟан медеҳәшьцәас аус зуазгьы.
Аибашьра ашьҭахь, ансамбль "Гәында" алахәцәа рхыԥхьаӡара маҷхеит. Ҳәарада, ҳазҭагылаз аамҭа рнымыԥшырц залмыршахеит. Аха, ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа лыбзоурала, ансамбль ҩаԥхьа еидкылан. Аибашьра ашьҭахь иҟан иԥҿқәаз аинструментқәа, ирымамызт аконцерттә костиумқәа. Урҭ зегьы маҷ-маҷ аҭыԥ иқәлеит.
Ансамбль "Гәында" алахәцәа хәмаруеит, ашәақәагьы рҳәоит аԥсуа жәлар ижәытәӡатәиу рмузыкатә рҳәагақәа рҿы. Иаҳҳәозар: аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца, ачамгәыр, аҟьаԥҟьаԥ, аҟаԥҟаԥ, адаул уҳәа.
Аибашьра ҟалаанӡа, ансамбль "Гәында", атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны акыр агострольқәа мҩаԥнагахьан, зегьынџьара ахәаԥшцәа гәыкала ирыдыркылон. Апрограмма шьақәгылоуп аԥсуа жәлар рашәақәа, ҳаԥсуа композиторцәа раԥҵамҭақәа, Кавказ иқәынхои егьырҭ атәым милаҭқәеи рашәақәа рыла.
Шықәсқәак раԥхьа ансамбль "Гәында", Ҭырқәтәыла аконцерттә программала иқәгылеит. Уи ахҭыс хаҭала сара саҿахәҳәаган. Хымԥада, аҭыԥҳацәа рашәаҳәара ихнамхырц залымшеит аконцерт иахәаԥшырц инеиз ҳџьынџьуаа. Абар урҭ ргәаанагарақәа:
"Ҳаԥсадгьыл ԥшӡа Аԥсны абжьы Ҭырқәтәыла шәашьцәа рҟынӡа иаажәгеит, уи азы даара иҭабуп ҳәа расҳәоит ансамбль анапхгаҩы раԥхьа днаргыланы уи иалоу зегьы. Аԥсуа шьҭыбжьы шсаҳаз еиԥш, Аԥсныҟа сцандаз, избандаз ҳәа сгәахәит. Шәыгәхьаазгоит сыуаажәлар, салам ду шәысҭооит", — иҳәеит Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутат, хылҵшьҭрала иаԥсыуоу Енгин Ҭаскәач-иԥа Папба.
"Даара агәахәа шәылаҳхит. Ансамбль "Гәында" даара ҷыдала бзиа иаҳбоит. Ажәытәтәи аинструментқәа рыла шәыхәмаруеит. Ус еиԥш адунеи аҿы имаҷуп иҟақәоу. Ус еиԥш жәаԥҟак ыҟоуп: "Ҭоурыхла иацтәи амш иҟалаз узымдыркәа, уаԥхьаҟа иҟалаша узбаӡом"-ҳәа. Убри азы ансамбль "Гәында" акультура аганахь ала ҳара ҳзы алашара еиԥш иҟоуп. Аихьӡарақәа рзеиӷьасшьоит. Иҭабуп "Гәындаара", иҭабуп Аԥсны!", — лҳәеит Нураи Ашәԥҳа.
"Ҳаԥсадгьыл Аԥснынтә афҩы хаа ҳзаажәгеит, аԥша ҟәанда ҳзаажәгеит. Шәыбжьы хааӡа ҳгәы икыдуп. Аҳәынҭқарра апату абри ауп, аҳәынҭқарра аныҟоу ауп акультурагьы аныҟалоу, аԥсы анҭоу!", — ҳәа азгәеиҭеит Ирфан Хәаҷаа.
"Сара, шықәсқәак раахыс Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭа сҭоуп, Аԥсны сынхоит. Аԥсуа культура даара игәхьааганы сыҟан. Ансамбль "Гәында" арахь иаауеит ҳәа ансаҳа, даара сгәы хыҭ-хыҭуа сазыԥшын. Сара сынхәыҷыз аахижьҭеи исаҳауаз ашәақәа ракәын. Роза Чамагәуаԥҳа лыбзоурала урҭ ашәақәа сҵахьан. Иҭабуп ҳәа расҳәоит еиҿызкааз зегьы, даара ҳгәы дырлахҿыхит", — лҳәеит Мрамза Ҷкотуаԥҳа.
Ансамбль "Гәында" алахәцәа ракәзар иазгәарҭеит ҳџьынџьуааи даареи реибабара агәахәа ду шырнаҭаз.
"Даара ибзианы ҳрыдыркылеит ахәаԥшацәа. Ҳашьцәа рҿы ҳааны, ҳрылаԥшны иахьаҳбаз ҳгәы ԥшаауа ҳаҟоуап. Шәҭыла, напеинҟьарала, лабжышла иаҳԥылоит. Иаҳҭахуп аимадара ӷәӷәа ҳабжьазарц, ҳашәеи ҳажәеи уахьгьы арахьгьы еихсыӷьра ақәымзарц".
Ансамбль "Гәында" аҭыԥҳацәа, иахьцалакгьы ирыцуп ҩызара ӷәӷәа рзызуа, игәышьҭыхгоу рашәаҳәареи рыкәашареи. Еихсыӷьра ақәымзааит!