РУСДРАМ "Ишьаарҵәыроу ачара" ала иаатуеит москватәи атеатртә фестиваль

© Sputnik / Томас ТхайцукПредпремьерный показ спектакля - Кровавая свадьба в РУСДРАМе
Предпремьерный показ спектакля - Кровавая свадьба в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" аԥхьарбара Аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит 2020 шықәса, аԥхынразы.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа рфестиваль аатит абҵара 16 рзы Москва РУСДРАМ аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" ала ҳәа аинформациатә маҵзура Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Ҳара иҳарҭеит алшара аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа рфестиваль аартра. Афестиваль еиҿыркааит Урыстәыла акультура аминистрреи Росконцерти. Абҵара 16 рзы Москватәи атеатр "Et cetera", Александр Каиагин напхгара зиҭо аҿы ҳара иқәҳаргылоит аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара", - еиҭеиҳәоит Хынҭәба.

Искандер итеатр ҩынтәуп афестиваль аҽаланархәуеижьҭеи. 2019 шықәса рзы РУСДРАМ раԥхьаӡа акәны афестиваль иалахәын.

"Афестиваль аҿы ахәаԥшцәа ирыдаагалоит "Ишьаарҵәыроу ачара". Уи ҳрепертуар аҿы иреиӷьӡақәоу иреиуоуп. Даара исҭахуп москватәи ахәаԥшцәа ҳтеатр аҩаӡара рбар, ахә ршьар", - иҳәоит адиректор хада.

Спектакль Игрок в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
"Ари аҩыза ақәҿиара аӡәгьы имамызт": РУСДРАМ новгородтәи афестиваль иалахәын

Иара иажәақәа рыла, аспектакль зегьы ирылшом абара, аепидемиатә ҭагылазаашьала ааԥхьаратә билеҭқәа рылоуп аҩналара шыҟало.

Афестиваль иалахәуп: Белоруссиа, Ҟазахстан, Молдавиа, Таџьиикистан, Узбекистан ртеатрқәа.

Жьҭаарамзаахыс Аԥсны аԥкыратә уснагӡатәқәа иалагалоу атеатрқәа русурагьы еиԥнаҟьеит, аха РУСДРАМ атәыла анҭыҵ аусурақәа мҩаԥнагоит.

РУСДРАМ Липецк афестиваль ианалахәыз иреиӷьу актиортә еилазаара ҳәа иалкаан.

Абҵара 11 рзы Велики Новгород аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль ахь инанагеит Достоевски ирҿиамҭа "Ахәмарыҩ".

Апроект "Большие гастроли" аҳәаақәа ирҭагӡаны Искандер ихьӡ зху атеатр абҵара 12, 13 рзы А.С.Грибоедов ихьӡ зху Смоленсктәи аҳәынҭқарратә академиатә театр аҿы иқәгылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0