Аӡиа Риҵаҿы раԥхьатәи асы леиит

© Foto / Facebook/Нугзар АрдженияПервый снег на озере Рица
Первый снег на озере Рица - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аушьҭырҭа аҭыԥ аҿы аԥхынтәи агьежьқәа зҵоу автомашьынақәа апарк аҵакырахь инарышьҭуам.

АҞӘА, абҵара 19– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥшьаша, абҵара 19 рзы Риҵа сынтәазы раԥхьатәи асы леиит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи  ареликттә милаҭтә парк абнахьчаҩ хада Ҭенгьиз Џьергьениа.

"Асы алеира иалагеит ашьыжь асааҭ быжьба рзы. Макьаназы хәбаҟа сантиметра роуп ишьҭоу. Амш аҵыхәтәахьы иҵегьы иацлоит. Ауадҳара 45 сантиметра рҟынӡа шьҭагылахьеит", - иҳәеит иара.

Џьергьениа иажәақәа рыла амилаҭтә парк ахь уназго амҩақәа цқьоуп, аха иаҭаххар атехника ҷыда ахархәара аиуеит.

© Foto / Тенгиза ДжергенияАӡиа Риҵаҿы раԥхьатәи асы леиит
Аӡиа Риҵаҿы раԥхьатәи асы леиит - Sputnik Аҧсны
Аӡиа Риҵаҿы раԥхьатәи асы леиит

Џьергьениа иҳәеит Риҵаҟа ишхало атуристцәа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Адәқьанқәа, акрыфарҭақәа уаанӡеиԥш аус руеит.

© Foto / Тенгиза ДжергенияАӡиа Риҵаҿы раԥхьатәи асы леиит
Аӡиа Риҵаҿы раԥхьатәи асы леиит - Sputnik Аҧсны
Аӡиа Риҵаҿы раԥхьатәи асы леиит

"Аиҳарак Гәыбаа адәы аҟынтәи иаауеит. Атуристцәа автобусқәеи аспринтерқәеи рыла ихалоит. Сгәы иаанагоит аԥсшьарамшқәа раан иҵегьы ирацәахап ҳәа иаауа. Амҩақәа цқьоуп. Иахәҭахар иаҳрыцқьоит атехника ҷыдала", -  иҳәеит иара.

Риҵатәи  ареликттә милаҭтә парк аушьҭырҭа аҭыԥ аҿы аԥхынтәи арезина зҵоу автомашьынақәа апарк аҵакырахь инарышьҭуам, амашьынақәа рҭагылазаашьа иахәаԥшуеит.

Ари раԥхьатәи асы абнахьчаҩ ишиҳәо ала рацәак ишьҭагылом. 2020 шықәсазы Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааит 283 598-ҩык. Хымз рыҩныҵҟа апарк иаиуит 95 миллион 826 нызқь 800 мааҭ ахашәала.

Ажәабжьқәа зегьы
0