Анастасиа Бадиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит

© Foto / Марианна Кубрава Подопечная фонда "Ашана"
Подопечная фонда Ашана  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Анастасиа Бадиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит.

Илана Амқәабԥҳа, Sputnik

Хәышықәса зхыҵуа Анастасиа Бадиаԥҳа бзиа илбоит амузыка, ателефон аҿы ахәмаррақәа.

Лара 29 мчыбжьа рыла диит. Хәымз инарзынаԥшуа абри ашьҭахь ареанимациаҿы дышьҭан. Анастасиа лыхшыбаҩ аҿы ашьаршәы рбеит, уи адагьы ачырагәаҩа аадырԥшит. Шықәсык анылхыҵ ашьҭахь аҳақьымцәа ахәыҷтәы церебралтә дабла лымоуп ҳәа шьақәдырӷәӷәеит.

Лара уажәы хәышықәса дырҭоуп, ажәак-ҩажәак раҟароуп илҳәо, лхала дзынеиҭаҵ-ааиҭаҵуам, лыблақәагьы уашәшәыроуп.

Аӡӷаб лан раԥхьаӡа акәны  афонд "Ашана" ахь днеиит 2019 шықәса рзы. Уаанӡа аҭаацәа рхала рҽазыршәон лыхәышәтәра.

© Foto / Марианна Кубрава Анастасиа Бадиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит
Анастасиа Бадиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анастасиа Бадиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит

Афонд алшарақәа рыла ахәыҷы Москва ареабилитациатә курс дахрыжьит. Уажәы лара лыбӷа дыхтәалоит, дҳәазар лылшоит. Аха ԥхьаҟа деиӷьхарц азы  акыр курс дырхысроуп. Ачыра акәзар ҭынч лыцәара иаԥырхагоуп, аҷаркәалкра лызцәырнагеит.

Аҳақьым-невролог Саиды Конџьариаԥҳа лажәақәа рыла ахәыҷы лҭагылазаашьа уадаҩуп, ԥхьаҟагьы ацхыраара лҭахуп.

"Уажәазы Анастасиа лҭагылазаашьа уадаҩуп. Аҳақьымцәа лхылаԥшуеит, ахәышәқәа лжәуеит, ари аҩыза ачымазараан ихымԥадатәиу ареабилитациатә уснагӡатәқәа дырхысуеит", - лҳәоит лара.

Аҳақьым лажәақәа рыла инарҵауланы дыҭҵаатәуп, иахәҭоу ахәшәтә терапиа лоуларц. Уи аҩыза Аԥсны анҭыҵ ауп иахьалдыршо.

Бадиаа рҭаацәараҿы хҩык ахәыҷқәа ыҟоуп. Ахәыҷқәа ран Гучуа Мака, еиҭалҳәеит аҷкәын аиҳабы дышлыцхраауа.

Аҭаацәа еиҳарак ргәы змырҭынчуа Наста ҭынч дахьызмыцәо ауп, игәыӷуеит лыхәышәтәразы иахәҭоу аԥара еизгахап ҳәа.

"Ҳара ҳауаажәлар аӡәы игәырҩа иавсуа ракәым. Ацхыраара иазыхиоуп, иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аԥара аизгара иалахәу. Сара стәы лзы мацара акәым егьырҭ ахәыҷ чымазцәа зегьы рзгьы", - лҳәоит ан.

Афонд  "Ашана" ахылаԥшратә хеилак алахәыла Ада Адлеиԥҳа илҳәеит Настиа лыцхырааразы 204 300 мааҭ шаҭаху. Лара лыхәышәтәра иацҵатәуп  Москва, ахәыҷтәы ԥсихоневрологиа анаука-практикатә Центр аҿы.

Ари аԥара аҭаацәа рзы аизгара уадаҩуп. Иахьатәи аҭагылазаашьаҿы изықәгәыӷуа ауаа рыцхыраароуп.

"Ҳтәылаҿы  пандемиа ауадаҩрақәа шцәырнагогьы  ҳакзаара ааҳарԥшлароуп", - лҳәеит Адлеиаԥҳа.

Ацхыраара амҩаԥгашьа афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0