Аԥсны акоронавирус 98-ҩык ирыдырбалеит, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6717ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 4976-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 92-ҩык.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 446-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 98-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Аоперативтә штаб иаанацҳауеит, аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны иԥсҭазаара дшалҵыз 1954 шықәса рзы ииз апациент, иара акоронавирус изышьақәырӷәӷәан. Изымҩаԥыргоз ахәышәтәра иахьмырԥшкәа ахаҵа иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 7 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 100-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 90-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 32-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 34-ҩык апациентцәа, Гагратә ахәышәтәырҭаҿы - 34-ҩык, Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи амобилтә профилрацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 49-ҩык апациентцәа. 45-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0