АҞӘА, ԥхынҷкәын 9- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аконституциатә реформаз Акомиссиа актәи аилатәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.
"Ҳара аҭакԥхықәра ду змоу аус ҳзыԥшуп. Ари адокумент аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿ аҵак ду аман. Аамҭа ԥхьаҟа ицоит. Аҽеиҭанакуеит. Ирацәоуп атәыла адокумент хада ианыԥшыша", - иҳәеит Бжьаниа аилацәажәараҿы.
Аконституциатә реформаз Акомиссиа актәи аилатәара азкын аиҿкааратә зҵаарақәа рыӡбра.
Ахада агәыӷра ааирԥшит Акомиссиа алахәылацәа зегьы рус ҭакԥхықәрала иазнеип ҳәа.
Аҳәынҭқарратә мчра асистемеи анапхгареи ареформа рзура иазырхоу ариашарақәа аус рыдулара хықәкыс иҟаҵаны ауп Аконституциатә реформаз Акомиссиа 2020 шықәса жьҭаара 10 рзы Аԥсны ахада иусдҵала изаԥҵахаз.
Акомиссиа хадара азылуеит еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Наҭелла Акаба. Акомиссиа аилазаара иалахәуп иналукааша атәылауаа.