Озганԥҳа аенергетикцәеи амилициа аусзуҩцәеи рнапы ианылҵеит ареидқәа мҩаԥыргаларц

© Foto / Министерство экономики РА Министр экономики Республики Абхазия Кристина Озган провела совещание по вопросам реализации Инвестпрограммы
Министр экономики Республики Абхазия Кристина Озган провела совещание по вопросам реализации Инвестпрограммы  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа АУН "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩы Михаил Логәуа, Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аиҳабы Тимур Џьынџьал, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа алархәны ԥхынҷкәын 8 рзы аилацәажәара мҩаԥылгеит.

Премьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл встречу с генеральным директором РУП «Черноморэнерго» Михаилом Логуа - Sputnik Аҧсны
Логәуа: аенергетика апроблема аӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит

Аилацәажәара азкын астанциа маҷ "Аҟәа-1" аиҭашьақәыргылареи аҳҭнықалақь фымцалашарала аиқәыршәареи. АУН "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩы Михаил Логәуеи, Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аиҳабы Тимур Џьынџьали ирҳәеит иҟоу аҭагылазаашьаан алашара арцәара аграфик шырзышьақәмыргыло.

"Алашара ауҳашьҭуеит. Иара ахьанҭара анаабалак иҳарцәоит. Ҳәарада уи ауаа иргәаԥхом. Иацы "Колос" араион аҿы алашара ауҳашьҭит, аха аамҭа рацәа мгакәа акабель ԥхасҭахеит. Уаанӡа алашара змамыз ауаа еиҭах лашарада иқәхеит",-  иҳәеит Тимур Џьынџьал.

Кристина Озганԥҳа аенергетикцәеи Аԥсны ААР аусзуҩцәеи рнапы ианылҵеит аҭҵаарақәеи ареидқәеи мҩаԥыргаларц, ацәаҳәақәа аидара хьанҭа иаҵазҵо ахархәаҩцәа аҿырхларц, избанзар астанциа маҷ аҿы иҟалаз аҩыза еиҭаҟалар алшоит.

Асеиԥш ауснагӡатәқәа Аԥсны зегьы имҩаԥгалатәуп ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.

Аилацәажәараҿы иазааҭгылан "Энергосбыт" аусура, ауааԥсыра рҟынтәи аԥара алхра аганахь ала хра ахьынӡамоу.

Иазгәаҭан агәаҭаратә хархәага рыҟамзаара аусура шаруадаҩуа. Михаил Логәуа иҳәеит атарифқәа рыԥсахраз аӡбра рыдыркылаанӡа асчиотчикқәа рзы апрограмма шымҩаԥгатәу.

"Ашәара зегьы ируалуп, аха амаршәа кны иазнеитәуп ари аус", - иҳәеит иара.

Аилацәажәара хыркәшо аминистр аенергетикцәа рнапы ианылҵеит амцакра амзызқәа ҭырҵаарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0