Аԥсны акоронавирус здырбалаз рхыԥхьаӡара быжьнызқьҩык иреиҳахеит

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 537-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 119-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6043-ҩык ыҟоуп, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ргәы бзиахеит 5126-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 95-ҩык.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара далҵит 62 шықәса зхыҵуа апациентка. Лара акоронавирустә инфекциеи лыдбалан. Иақәнагаз атерапиа шылзмҩаԥыргозгьы, лыдунеи лыԥсахит ԥхынҷкәын 10 рзы.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны лыԥсҭазаара далҵит 1946 шықәса рзы ииз даҽа пациентк. Илзымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент лыԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 9 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 90-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 76-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык пациент, Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿы-25-ҩык.

Аҟәатәи амобилтә профилрацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 49-ҩык пациент. 46-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>

Ажәабжьқәа зегьы
0