Анефт ишашьҭаз аӡы рԥшааит: Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь ахы шыҵнахыз

© Sputnik / Саиды ЖибаБаӷрып,шьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь
Баӷрып,шьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь (сероводородный источник) аӡбахә ззымдыруа дыҟамзар ҟалап. Арахь еиҳарак имҩахыҵуа зыца зыхьуа, мамзаргьы агәықәбылра иаргәамҵуа роуп. Иабаанагеи ари аӡыхь? Ауаа ирызцәырҵуа азҵаара аҭак ҟаиҵеит аартра зыбзоуроу Левон Ексузиан.

1984 шықәсазы, Асовет Еидгыла апрограммала, ԥшыхәрак аҳасабала Гагра араион, Баӷрыԥшь ақыҭан (усҟан "Холодная речка" ҳәа иашьҭан) анефт рԥшаарц, адгьылкылҵәаразы аспециалистцәа аашьҭын. Урҭ аамҭақәа рзы ари аҵакыраҿы аӡазы ауадаҩрақәа ыҟан.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аколнхацәа аџьабаа рбон, адгьыл иақәырҭәоз аӡы, иара иржәозгьы Цандрыԥшьынтәи иааргон. Ажәакала адгьылкылҵәаҩцәа рус ианадгыла, ҩыџьара анефт аҭыԥан аӡыхь ахы ыҵдырхәрааит. Ари ахҭыс гәырӷьара духеит аҭыԥантәи анхацәа рзы.

Арзамеҭ Кьахьырип,а - Sputnik Аҧсны
Аӡыхь ахы ыҵызхыз: аишьцәа Кьахьыраа Гагра ршьапы шадыркыз

"Абжьааԥны, еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа раан машәыршәа аӡыхьқәа анаадырԥшуаз, иаразнак иршәаҳар акәын. Аха ҳара ҳқыҭа ӡыда иҟан азы, Қарҭ, Аминистрцәа реилазаарахь аҳәара ҳашьҭит иаҳзынрыжьарц. Азин анҳарҭа, аӡы ахаҭабзиара ҭҵааны ауаа ироуа иҟалеит. Аиаша шәасҳәап, ҿыц ҳизшәа ҳхы ҳбеит. Шәара шәазхәыц, аколнхара аҿиара ианаҿыз, адгьыл иқәаарыхуаз аџьажәлар шаҟа игәаҟуаз. Иара рыбзазараҿгьы шаҟа уадаҩра рԥылоз", - игәалашәоит Баӷрыԥшь ақыҭан, Киров ихьӡ зхыз аколнхара ахантәаҩыс иҟаз Левон Ексузиан.

Аспециалистцәа анефт ианашьҭаз, ҩыџьара ирԥшааз аӡыхь ақыҭауаа ирхатәхеит. Анаҩс рус иацырҵарц, маҷк аҳәаа ахырхарҭала инаскьеит. Уи аҭыԥ аҿы шәеимда ҳәа рабжьазгазгьы Левон Ексузиан иоуп.

© Sputnik / Саиды ЖибаЛевон Ексузиан
Анефт ишашьҭаз аӡы рԥшааит: Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь ахы шыҵнахыз - Sputnik Аҧсны
Левон Ексузиан

1984 шықәсазы, Баӷрыԥшь амҩа хада иацәыхарамкәа, арыӷьарахь, ашьха аган ала иҵыҵит даҽа ӡыхьк. Аха уи џьашьатәхеит зегьы рзы.

"Ахԥатәи аҭыԥ аҿы иҵхәрааз атыҩшаӡритә ӡыхь акәхеит. Уи ахаҭабзиара акырӡа иҳаракын, ауаҩы игәабзиаразы ихәарҭан. Абар уажәшьҭа 36 шықәса ҵуеит Ԥсоу аганахь имҩасуа ауаа аанҿасны агьама рбоижьҭеи, аԥаҭлыкақәа ирҭатәаны аҩныҟа иргоижьҭеи", - иҳәоит иара.

Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь ацеи агәықәбылреи ишрыхәо атәы иҳәеит хаҭала згәабзиараҿы иԥызшәахьоу аҭыԥантәи анхаҩы Михаил Мхитариан.

"Ҳтәылауаа реиҳараҩык рыца рыхьуеит. Уи зыхҟьогьы ицаҳәцаҳәо иҟоу ҳмилаҭ фатәы ауп. Ахацәа ракәзар, ихадмырҟьацәозаргьы, зегь акоуп арыжәтә џьбара анырымжәо ыҟам. Саргьы убарҭ рыгәҭа сгылоуп. Есышықәса аамҭа-аамҭала агәықәбылра сызцәырҵуеит, сыца ахьаа аиуеит. Убасҟан, абри аӡыхь аҿы сааны, ҽнак хынтә ҵәыцак-ҵәыцак сыкрыфара сааҭк шагу изжәуеит. Апроцедурақәа мҩаԥызгоит ҩымчыбжь, еиҳаны иҟалаӡом. Аҳақьымцәа изласарҳәахьоу ала, уи аҵәҵәыра агоит азы, ихаурҟьар иузеицәахоит", - ҳәа азгәеиҭеит атыҩшаӡритә ӡыхь хәшәыс измоу Михаил Мхитариан.

Левон Ексузиан иакәзар, уажәшьҭа ақәра ду дҭагылоуп. Усҟантәи аамҭақәа ирхаану ибзианы иргәалашәоит иара иажәа абзоурала ақыҭа аӡы шаиуз, уи анаҩсгьы згәабзиара шьақәзыргылар зҭаху ауаа алшара роуит атыҩшаӡритә ӡыхь аҿыхәара.

© Foto / Саида ЖибаБаӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь
Анефт ишашьҭаз аӡы рԥшааит: Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь ахы шыҵнахыз - Sputnik Аҧсны
Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь

Ҳаицәажәараан, Левон Ексузиан иҳәеит адгьылкылҵәаҩцәа арҭ аӡыхьқәа ажәлар ирзынрыжьыр, аџьма шишьуа ҳәа аҿаҭахьа иқәҵаны ишиқәихыз. Абырг иажәеи ичеиџьыкеи зыхҭну ауаҩы зда ԥсыхәа имам аӡы ҭабара ақәым. Уи ахьхьаҳәа зегьы рыԥсы ҭанаҵоит.

Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь ахь анеирҭа акырӡа ирманшәалеит ақыҭа ахада Оҭар Аршба. Аҵакыра рыцқьоуп, аӡыхь иакәыршаны ахаҳә чаԥоуп. Амала угәы бжьызхуа акәны иҟоуп зхы ззымдыруа гәыԥҩыуаак ирыцрыҵуа агәамсам ныжьны иахьцо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0