Шәҩык рҟынӡа инаӡеит Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 455-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 113-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 7269-ҩык ыҟоуп, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ргәы бзиахеит 5286-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 100-ҩык.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит 1949 шықәсазы ииз апациент. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит ԥхынҷкәын 5 рзы иуадаҩны ихигоз акоронавирустә инфекциа иманы, иара убас уи адагьы илаз ачымазара аҽарӷәӷәеит. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, идунеи иԥсахит ԥхынҷкәын 12 рзы.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа. Ԥхынҷкәын 13 рзы лыԥсҭазаара далҵит 67 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс, лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит жьҭаара 22 рзы; убри аҽныҵәҟьа лыԥсҭазаара далҵит 78 шықәса зхыҵуаз апациентка, лара дырхәышәтәуан абҵара 30 раахыс; адырҩаҽны, ԥхынҷкәын 14 рзы иԥсҭазаара далҵит 1934 шықәсазы ииз апациент. Дара рыхҩыкгьы акоронавирустә инфекциа ҿыц рылан.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 99-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 88-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык апациентцәа. Рҭагылазаашьа бааԥсуп ҩыџьа. Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 58-ҩык пациент. 54-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0