Ҵахнакьиа: акоронавирустә ҭагылазаашьа уадаҩуп, аха хылаԥшра ауҭартә иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа ахьышьҭоу Гәдоуҭатәи аковидтә центр даҭааит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Аԥсны акоронавирустә ҭагылазаашьа уадаҩуп, аха хылаԥшра ауҭартә иҟоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Гәдоуҭатәи аковидтә центр данаҭаа ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
Скорик илҳәеит COVID-19 азы анализ аҭаразы агәаранқәа рцәырҵра зыхҟьаз

Ҭамаз Ҵахнакьиа днеины игәеиҭеит ашәахәатә диагностика аҟәша аусушьа, хаҭала ааигәа аусура иалагаз ареанимациатә ҟәша, ахәшьара аиҭеит ара иҟоу апациентцәа амедицинатә цхыраара рыҭара аҭагылазаашьақәа.

Ашәахәатә диагностика алабораториа аусзуҩцәа ражәақәа рыла, акомпиутертә томограф аусура иалагазар имҩаԥгоуп 600 рҟынӡа ҭҵаара. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ирыдыркылоит 30-ҩык инарзынаԥшуа ауаа.

Аминистр изеиҭарҳәеит акомпиутертә томограф алашара дырцәаргьы, иаԥырхагамкәа еиԥымҟьо аус зуа ахархәага ишаҿаку.

Ҭамаз Ҵахнаьиа амедицинатә усҳәарҭа хәшәылеи зыда ихәарҭам егьырҭ ахархәагақәеи рыла ишеиқәыршәоу гәеиҭеит. Агоспиталь анапхгара аинформациала, апациентцәа рыхәышәтәразы ахархәара зҭатәу ахәшәқәа зегь рыла еиқәшәоуп.

Уажәазы ахәышәтәырҭа аинфекциатә ҟәшаҿы ишьҭоуп 32-ҩык. Урҭ ихьанҭақәоу ҳәа иԥхьаӡоуп.

Измеряют температуру  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҿагылараз Аоперштаб аилатәара мҩаԥысит Аҟәа

Ахәышәтәырҭа еиқәыршәоуп аҵәыҵәри еиԥҟьарада аиурала. Убри аан еснагь иаҭаххозар ҳәа ихианы иҟоуп 50 баллон.

Аҳақьымцәа ицны Ҭамаз Ҵахнакьиа "азона иаҵәа" ахь днеит. Имҩаԥырго ахәышәтәреи аиҿкаареи бзиоуп ҳәа азишьеит. Ара аҳақьымцәа ашәарҭадаратә техника иқәныҟәоит, иахәҭоу арыцқьара мҩаԥыргоит.

Гәдоуҭатәи аковид госпиталь апациентцәа рыкрыфара-рыкрыжәразы уадаҩра иҭагылам. Ахәыҟаҵарҭа иахәҭоу зегь рыла еиҿкаауп. Ачымазцәа мышкахьы хынтә акрырҿарҵоит ҳәа аҳәоит апресс-центр адырраҭараҿы.

Ҭамаз Ҵахнакьиа агоспиталь амедицинатә усзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит есыҽнытәи рџьабаазы, акоронавирустә пандемиа аамҭазы еиҳагьы акраҵанакуа ианыҟоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0