Гал араион аҿы ауаҩы дахьҭахаз амҩатә машәыр ҟазҵаз даанкылоуп

© Foto / МВД РАВОЗБУЖДЕНО УГОЛОВНОЕ ДЕЛО ПО ФАКТУ ДТП СО СМЕРТЕЛЬНЫМ ИСХОДОМ В ГАЛСКОМ РАЙОНЕ
ВОЗБУЖДЕНО УГОЛОВНОЕ ДЕЛО ПО ФАКТУ ДТП СО СМЕРТЕЛЬНЫМ ИСХОДОМ В ГАЛСКОМ РАЙОНЕ  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион Хьацҳа ақыҭаҿы ԥхынҷкәын 12 рзы амҩатә машәыр аҭыԥ аман. Ишеилкаахаз ала, уи ҟазҵаз Альберт Демерџьи-оӷлы ихьӡуп. Иара ԥыҭрак ашьҭахь ихала азинхьчаратә усбарҭақәа иҽриҭеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Гал араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусҭҵааратә гәыԥ Альберт Демерџьи-оӷлы иганахьала аус хацнаркит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Иара ахара идҵоуп амҩатә ԥҟарақәа реилагара, уи иахҟьаны аԥсыҭбара аҟалара. Ахара зхароу хышықәса инаркны быжьшықәсанӡа иқәҵахар ҟалоит.

Ԥхынҷкәын 13 рзы Хьацҳа ақыҭа иахьаҵанакуа аӡҭачаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аӡы иҭыргеит иара убасгьы автомашьына УАЗ ахәҭақәа. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына арбаныз шьақәыргылан, изтәыз азинхьчаратә усбарҭақәа иҽриҭеит.

Амҩатә машәыр аҭыԥ аман ԥхынҷкәын 12 асааҭ 21.00 рзы. Альберт Демерџьи-оӷлы ақыҭамҩа ианыланы иаауаз ашьаҟауаҩ дисит. Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ныжьны аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" шыҟоу ихы рханы данцоз даҽа мҩатә машәырк ҟаиҵеит. Амашьына кажьны дыбналеит.

Заанаҵтәи аусҭҵааратә усбарҭақәа Гал араион аӡбарҭахь азыҳәа нарышьҭит Демерџьи-оӷлы дырбаандаҩызарц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0