Урыстәыла Афедералтә шьҭазаара змаз аԥҳәыс аурыс-аԥсуа ҳәааҿы даанкылоуп

© Sputnik / Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРуки в наручниках.
Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥҳәыс Аԥснынтәи Урыстәылаҟа диасуан, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы даанкылан.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иԥаршеиу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, амҳәырқәа, аштампқәа, адокументқәа, абланкқәа рыҟаҵаразы Урыстәыла Афедералтә шьҭазаара змаз аԥҳәыс аурыс-аԥсуа ҳәааҿы дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аԥҳәыс Аԥснынтәи Урыстәылаҟа диасуан, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы данааныркылоз.

Азакәан инақәыршәаны ашьҭазара ҟазҵоз аган аусбарҭахь дрыҭоуп.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа 2020 шықәса ҳааҭалазар, афедералтә, жәларбжьаратә, аҳәынҭқаррабжьаратә шьҭазаара змаз 90-ҩык ныркылахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0