Аԥсны АҶА асапиорцәа еиҵырхит Аҟәа иԥшааз акәалӡԥҽыга–агранатаршәгақәа фба

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алашарбага аҳабла анхаҩы ахысгақәа иԥыхьашәеит, иара иаразнакы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистррахь адырра ҟаиҵеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27-Sputnik. Аԥсны АҶА асапиорцәа еиҵырхит Алашарбага аҳаблан иԥшааз акәалӡԥҽыга–агранатаршәгақәа фба, абри атәы аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Адырра анроу ашьҭахь аҭыԥахь инеит АҶА апиротехника аҟәша аусзуҩцәа.

Ишеилкаахаз ала, иԥшааз напылатәи акәалӡԥҽыга–агранатаршәга РПГ-7 ахысгақәа ракәын.

© Foto / МЧС АбхазииАԥсны АҶА асапиорцәа еиҵырхит акәалӡԥҽыга–агранатаршәга, Аҟәа иԥшааз
Аԥсны АҶА асапиорцәа еиҵырхит Аҟәа иԥшааз акәалӡԥҽыга–агранатаршәгақәа фба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА асапиорцәа еиҵырхит акәалӡԥҽыга–агранатаршәга, Аҟәа иԥшааз

Аԥны АҶА аҳәара ҟарҵоит ауааԥсыра рахь агәҽанызаара рымазарц, атәыла еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иахьагьы ана-ара ирбоит ашәарҭара зҵоу, иԥымжәац акәалӡԥҽыга хыи аминақәеи. Ашәарҭара зцу амаҭәарқәа аныԥшаакалак иаразнак иастәуп абарҭ аҭелқәа рыла: 01, 001, 911, 112.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0