Аҟәа Ашықәс ҿыц азы раԥхьа ииз ахәыҷы аҳҭнықалақь ахада иҟынтәи аҳамҭа иоуит

© Foto / официальный сайт администрации города СухумГлава администрации Сухума Беслан Эшба выделил 100 тысяч рублей первому ребенку, родившемуся в 2021 году в столице
Глава администрации Сухума Беслан Эшба выделил 100 тысяч рублей первому ребенку, родившемуся в 2021 году в столице - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭалаз ашықәс раԥхьатәи ҩымш рзы Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы иит ҩыџьа ахәыҷқәа. Ашықәс ҿыц ауха раԥхьа Гагра аӡӷаб диит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иқәҵарала 100 нызқь мааҭ аԥара роуит 2021 шықәсазы аҳҭнықалақь аҿы раԥхьа ииз ахәыҷы иҭаацәа ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит.

Аҳҭнықалақь аҿы ажьырныҳәа 1, аԥшьаша раԥхьа диит аҷкәын Ԥачалиаа рҭаацәараҿы. Иара Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы диит, икапан ԥшь-кьылаки 400 грамми иҟаны, иоура 56 сантиметра иҟаны.

Младенец - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ашықәс ҿыц азы раԥхьатәи ахәыҷы диит

Асабша ажьырныҳәа 2 рзы Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе ахшараиурҭаҿы днеины аршаҳаҭга лнапы иаиркит ахәыҷы иан - 24 шықәса зхыҵуа Ельвира Џьопуаԥҳа-Ԥачалиа.

Беслан Ешба иакәзар, ихы ԥхьакны дыҟоуп акоронавирустә инфекциа ихьит ҳәа агәҩара ахьыҟоу азы.

Ҳазҭалаз ашықәс раԥхьатәи ҩымш рзы Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы иит ҩыџьа ахәыҷқәа. 2021-тәи Ашықәс ҿыц ауха раԥхьа Гагра аӡӷаб диит. Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь иқәҵарала, Гыцаа рҭаацәара 50 нызқь мааҭ роуит.

Ииз асабицәеи ранацәеи зегьы ргәы бзиоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0