COVID-19 изышьақәырӷәӷәоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Кове
Даур Кове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр аҽыԥхьакра дцеит, игәабзиара ҭышәынтәалоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11-Sputnik. Даур Ақаҩба аҿкычымазара акоронавирус изышьақәырӷәӷәоуп, абри атәы иҳәеит аминистр ихаҭа Facebook идаҟьаҿы.

"Иахьа иасҭаз атест аҭак соуит, COVID-19 сыдбалоуп. Сгәабзиара ҭышәынтәалоуп, аҽыԥхьакра сцеит. Шәгәы бзиаз, шәхы гәашәҭала",- ҳәа иҩуеит Ақаҩба.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, иахьазы ҳреспублика иахьаҵанакуа 2000-ҩык рҟынӡа COVID-19 ачымазара рхыргоит.

Ажьырныҳәа 8 инаркны москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҟны иҽыхәышәтәра иациҵоит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, иара аҿкычымазара идбалан ԥхынҷкәын 30 рзы.

Ԥхынҷкәын 27 рзы акоронавирус ицәа ишалаз аарԥшын Атәыла ахада Аслан Бжьаниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0