Аԥсны АҶА аусзуҩ Лыхны ақыҭан амцарцәараан ааха иоуит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина скорой помощи
Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА ахь Гәдоуҭа араион агьамабаратә зал "Шато Бамбора" аҟны амцакры ыҟоуп ҳәа адырра ҟаҵан ажьырныҳәа 19 асааҭ 05:01 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩ Лыхны ақыҭан амцарцәараан ааха иоуит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ааха зауыз амцарцәаҩ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днагоуп. Иҭагылазаашьазы макьаназ дырра ыҟам.

Амцакра иахҟьаны азал "Шато Бамбора" шә-метрԥшьыркца блит. Амца дырцәон амцарцәаратә машьынақәа ԥшьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0