Амцарцәаразы: Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Урыстәыла ААО аруааи аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Александр Кожохин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТактико-специальные учения МЧС РФ по ликвидации лесо-торфяных пожаров в Московской области. Архивное фото.
Тактико-специальные учения МЧС РФ по ликвидации лесо-торфяных пожаров в Московской области. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Знеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәеи, ашьха иахьаԥну абнарақәа рҟны амцарцәаразы аицҿазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит Урыстәылатәи Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа, иара убас ахархәара арҭеит авиациа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24-Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ арратә база аруааи Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәеи абнарақәа рҟны амцарцәаразы аицҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит, абри атәы аанацҳауеит арратә база апресс-маҵзура.

Аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Гәдоуҭа араион. Асценариа инақәыршәаны аруааи аԥснытәи аиқәырхаҩцәеи амцакра ахьыҟалаз аҭыԥқәа ирлас идырцәеит, ауаа ралгара алдыршеит. Абаза амедицинатә персонал акәзар амцакраан "ааха зауз" ауааԥсыра иаарласу ацхыраара рыҭашьа аус адырулеит.

Атактикатә усқәа реиԥш азхьаԥшра рыҭан ҳаамҭазтәи амцарцәагатә хархәагақәа, амцарцәаратә автоцистерна АЦ 6-40 аиԥш иҟоу рхархәашьа. Арратә машьына "КамАЗ" иақәгылоу ацистерна фнызқь литра аӡы акуеит, секундкала 40 литра аӡы ақәҭәаразы амч амоуп.

Автоцистерна анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рахь анагара алшоит. Урыстәылатәи Аԥсни аиқәырхаҩцәа ирылшеит Знеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәеи, ашьха иахьаԥну абнарақәа рҟны амцарцәара, иара убас ахархәара арҭеит авиациа. 

Иазгәаҭоуп, асеиԥш аруааи амцарцәаҩцәеи еиныррала реицҽазыҟаҵарақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥгахоит.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 150 аруаа, амцарцәагатә техникақәа 10.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0