Араионтә штабқәеи Аԥсны ААРи уахыки-ҽнаки рыла 23 МВт иҟаз 37 маининг-обиект аҿырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукМайнинг
Майнинг  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵала ареспублика араионқәа рҿы иаԥҵоуп аштабқәа, дара русура азырхоуп афымцамчхара ахархәара аиҵатәра 2019 шықәсазтәи арбагақәа рҟынӡа, хә-процентк ацҵаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны ААР ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи русзуҩцәа аоперативтә штабқәа рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥыргоз ареидқәа раан ажьырныҳәа 24 рзы, уахыки-ҽнаки рыла 37 маининг-обиект, ззеиԥш мчхара 23 МВт иҟаз аҿырхит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР.

Убас, Гәдоуҭа араион аҿы акриптовалиута аиуразы аобиектқәа 9, ззеиԥш мчхара 4 мегаваттк иҟаз аҿырхит. Ареидтә уснагӡатәқәа раан ақыҭақәа Дәрыԥшь, Абӷархықә, Оҭҳара, Бармышь, Приморское рҟны анхарҭаҩнқәа рҿы афермақәа аҿыхын, амаининг-ферма аҿыхын иара убасгьы Оҭҳара ақыҭан иҟоу ауарашыршырҭа азауад аҿы.

Дмитрий Дбар  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР ахада акриптовалиута аиуразы ахараԥса алагалара ахәшьара аиҭеит

9 обиектк аҿыхын Аҟәа араион аҿы. Ахатәы криптофермақәа аҿыхын ақыҭақәа Гәымсҭеи Алада Ешыреи: акоммерциатә наплакы "Абхазская Метизная Компания", автоџьармыкьа, "Лесхоз", аҽы-спорттә клуб рҿы. Аԥсны ААР аҿы ирҳәоит араион аҟны уаанӡагьы ишаҿыхыз, апломба шраархаз амаининг-обиектқәа. Аха ачараурҭатә зал "Гәымсҭа" аҿы уи иахьмырԥшкәа аобиект аус еиҭа иауан. Уажәы ари аобиект атрансформатор афымцацәаҳәа иаҿыхуп. Имҩаԥгоу аусурақәа ирылҵшәаны Аҟәа араион аҿы афымцамчхара ахархәара 6.5 мегаватт рыла еиҵатәуп.

Аҟәа, закәаншьаҭада ацәаҳәақәа ирҿакыз, зымчхара 0.5 мегаваттк иҟаз афермақәа 6 аҿыхын: Титов имҩаҿы иҟоу "Ахшзауад", Адлеиба имҩаҿы иҟоу ИАЕ "Аҟәатәи аԥсыӡнхамҩа", аресторан "Басла", ахатәыҩнқәа рҿы.

Гәылрыԥшь араион аҿы иаҿыхын х-криптофермак (2 мегаваттк) – Уарчеи Маҷареи.

Очамчыра араион аҿы афымцамч ахархәара еиҵатәуп 10 мегаваттк рыла. Очамчыра русура аанкылоуп 2 криптофермак, уаанӡатәи ГСМ база аҵакыраҿи, ачаифабрика аҵакыраҿи, асԥирҭ-зауад аҵакыраҿи. Х-криптофермак аҿыхын Кындыӷ ақыҭаҿы (аԥсаатәааӡарҭа афабрика, аӡыршқәа рҵакыраҿи ахатәыҩнаҿи). Кәтол иаанкылан аус зуаз х-обиектк, 2 криптофермак Ҭоумышьи Лашькьындари ақыҭақәа рҿы.

Тҟәарчали Гали араионқәа рҿгьы уаанӡа иаркыз аобиектқәа рсистематә мониторинг мҩаԥысуеит.

Уаанӡа, ажьырныҳәа 22 рзы Гәдоуҭеи Гәдоуҭа араиони рҿы иаанкылан 20 обиект, ззеиԥш мчхара 7 мегаваттк иҟаз – 1600 шьақәгыла змаз акрипто-ферма, Лыхнытәи ачаифабрика аҵакыраҿы, 630 маинингшьақәгыла змаз акриптоферма Гәдоуҭа ақалақь авторемонттә зауад аҿы, 17 обиект анхарҭаҩнқәа рҿы.

Аԥсны ахада инапынҵала ареспублика араионқәа рҿы иаԥҵоуп аштабқәа, дара русура азырхоуп афымцамчхара ахархәара аиҵатәра 2019 шықәсазтәи арбагақәа рҟынӡа, хә-процентк ацҵаны.

Хара имгакәа Апарламент ахь инашьҭхоит азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭа: закәаншьаҭада мегаваттк афымцамч ахархәаразы миллионки бжаки ахараԥса ашәаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0