Аԥсны ААР ахада акриптовалиута аиуразы ахараԥса алагалара ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Дбар
Дмитрий Дбар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хара имгақәа Апарламент ахь инашьҭхоит азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭа: закәаншьаҭада мегаваттк афымцамч ахархәаразы миллионки бжаки ахараԥса ашәаразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Ахараԥсақәа ралагалареи, амазара амхреи, акриптовалиута аиуразы ахархәагақәа рымхреи хымԥада иаҭахуп акриптавалиута закәаншьаҭада аиура аҿагыларазы ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

"Апарламент ахада иажәалагала аднакылар, сара сгәы иаанагоит уи ус акәхоит ҳәа, ҳусура акыр иарманшәалон, иармарион. Ахараԥса арӷәӷәараан амилициа абри ахырхарҭаҿы русура еиҳа хра аиуеит", - иҳәоит Дбар.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР уахыки-ҽнаки рыла 25 мегаватт афымцамч згоз амаининг хархәагақәа аҿырхит

Иара иажәақәа рыла, Апарламент адепутатцәа ирылшоит асессиа аизгара, оперативла ариашарақәа ралагалара. Иара иҳәеит закәаншьаҭада мегаваттк  афымцамч ахархәаразы миллионки бжаки ахараԥса ашәарагьы амаининг хархәагақәа рымхрагьы, рыҩбагьы знык ала аус еицыруроуп ҳәа.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иазгәеиҭеит акриптофермақәа закәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа аҽрыԥшьра апроблема аӡбара ишадыԥхьалоу амчратә еилазаарақәа русзуҩцәа реиԥш "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәагьы, араионқәа рхадацәагьы. Иара агәра ганы дыҟоуп ахада рҿаԥхьа иқәиргылаз аус аӡбара шалшо жәҩахыреибыҭала аусураан.

Дбар иҳәеит араионқәа рҟны амилициа аиҳабацәа зегьы ҿыц еиҿкаау аштабқәа ишырхыԥхьаӡалоу, азинеиҿкаара амҩаԥгаразы.

Аԥсны ахада ажьырныҳәа 22 рзы Апарламент ахаҭарнакцәа дырԥылеит, амаинерцәа рзы закәаншьаҭада мегаваттк афымцамч ахархәаразы миллионки бжаки ахараԥсеи ашьаустә ҭакԥхықәреи ралагалара азԥхьагәаҭоуп. Абри Административтә зинеилагаразы азакәанеидкыла алагаларазы азакәанԥҵаратә аԥшьгамҭа Апарламент ахь инарышьҭуеит ашәахьазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0