Астанциаҿы иҟалаз авариа ашьҭахь Гагра ауааԥсыра аӡы рзынашьҭуп

© Sputnik / Акоп Кущян Водопроводный кран
Водопроводный кран  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра аӡы аиура ԥкын ажьырныҳәа 25 рзы аӡыҭгагатә станциаҿы иҟалаз авариа ашьҭахь.

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Акоммуналтә маҵзурақәа аӡыҭгагатә станциа "Репруа-1" аҟны иҟалаз аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәҵаны аӡы аурышьҭит ҳәа ааицҳауеит Гагратәи аӡыканал аиҳабы Беслан Цыгәба.

"Иацы алашара дырцәон, иадыркуан. Ахәылбыҽха аӡыҭгагатә станциа аангылеит. Аӡыҭгага еимыхны иаҳрыцқьеит, ахәҭак ҳаԥсахит. Иахьа, асааҭ 10:30 шыҟаз аӡы ауҳашьҭит. Сааҭқәак рышьҭахь ақалақь зегьы аҿы аӡы роуа иҟалоит", - иҳәеит иара.

Цыгәба иара убасгьы иҳәеит лассы-лассы алашара арцәарагьы мзызны иазыҟалеит астанциа "Репруа-1" аҟны иҟалаз авариа. Иара иажәақәа рыла астанциа ахархәарахь ирыҭан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иахьа уажәраанӡагьы иароуп аус зуа.

Линии Электропроводов  - Sputnik Аҧсны
Гагра араион лашарада иаанхеит акабель ахьԥҵәаз азы

Ашәахьа, ажьырныҳәа 25 рзы ПС "Цандрыԥшь-а́хага" аҿы 110 кВ иҟаз акабель ԥҵәеит. Уи иахҟьаны Гагра араион лашарада иаанхеит.

Аԥсны аенергоавариақәа реиҳарак мзызс ирымоу афымцацәаҳәақәа реидара хьанҭеи дара ражәреи роуп.

Аӡыҭгагатә станциа "Репруа-1" аҿы уаанӡагьы авариақәа ҟалахьан. Убас, ԥхынҷкәын 16 рзы ақалақь зегьы ӡыда иҟан уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0