11 нызқьҩык ауааԥсыра Аԥсны иаҭаахьеит аретро-дәыӷба "Шәача" ала нанҳәамзаахыс

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовый туристический поезд "Сочи"
Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аретро-дәыӷба "Шәача" Аԥсныҟа иаауеит 2020 шықәса нанҳәамза аахыс. Ареисқәа ирыцнаҵеит аӡын аамҭазгьы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29– Sputnik, Бадри Есиава. 11 нызқьҩык иреиҳаны ауааԥсыра Аԥсны иаҭаахьеит аретро-дәыӷба "Шәача" ала 2020 шықәса нанҳәамза инаркны 2021 шықәса ажьырныҳәамзанӡа ҳәа аанацҳауеит РЖД аҟәшатә еиҿкаара "Афедералтә пассаџьыртә еилахәыра".

Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны
Кисловодскынтәи Гаграҟа: аретро-дәыӷба "Шәача" амаршрут ҿыц ала аныҟәара иалагоит

"Афедералтә пассаџьыртә еилахәыра" ишаҳәо ала  40% туристцәа қәрала 40 шықәса иҭысхьеит. Аиҳарабык ианыхәыҷыз Амшынеиқәа аԥшаҳәатә курортқәа рҟны рҭаацәа ирыцны зыԥсы зшьоз роуп. Аҿаргьы адәыӷба аинтерес рымам ҳәа узҳәом. Аԥсны иаҭааз, 30 шықәса ирҭысхьоу рхыԥхьаӡара 30% инаӡоит.

Аретро-дәыӷба "Шәача" аныҟәара аграфик ԥсахын ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан апассаџьырцәа рырманшәаларазы. Атуристтә ретро-дәыӷба

"Шәача" аграфик ԥсахын аныҳәамшқәа раан апассаџьырцәа рырманшәаларазы. Ԥхынҷкәын 28 инаркны ажьырныҳәа 10 рҟынӡа Кисловодскынтәи Гаграҟа еиҳа иауу амаршрут ала иаауан.

Ашьхашәҩатә курорт "Роза Хутор" зыԥсы зшьо ироуеит алшара абри адәыӷбала иныҟәарц. Ирзыманшәалахарц азы ишьақәыргылоуп амшеихшанҵа. Уи инақәыршәаны "Роза Хутор" аҟынтәи авагонқәа атуристтә дәыӷба "Шәача" Адлертәи авокзал аҿы иаԥыршьуеит.

Аԥхьанатә амаршрут ҿыц аныҳәамшқәа рышьҭахь аркра азыԥхьагәаҭан аха "Афедералтә пассаџьыртә еилахәыра" Роза Хутор – Гагра амаршрут мшаԥымза нҵәаанӡа иааныжьзарц аӡбеит.

"Афедералтә пассаџьыртә еилахәыра" ишаанацҳауа ала адәыӷба аҩаша ада есыҽны иныҟәоит. Адәыӷба Шәача иқәҵлоит асааҭ 7:45 рзы, Гагра иааиуеит асааҭ 11:30 рзы. Гагрантәи ихынҳәуеит асааҭ 18:43 рзы. "Роза Хутор" аҟынтәи апассаџьырцәа есыҽны Гаграҟа иаалар рылшоит ашьыжь асааҭ 07:14 рзы, шьҭахьҟа игьежьуеит асааҭ 23:10 рзы.

Прибытие ретро поезда в Гагру  - Sputnik Аҧсны
Аретро-дәыӷба "Шәача" аӡынразгьы Аԥсныҟа иаалоит

"Ашьхашәҩатә курорт Роза Хутор аҟны зыԥсы зшьо алшара рымоуп рыԥсшьараамҭа еиҳагьы идырлахҿыхырц Аԥсны Аҳәынҭқаррахь ҽнактәи аныҟәара мҩаԥганы. Атуристтә дәыӷба апассаџьырцәа Гагра ҽнак рхыргар ауеит, мамзаргьы иаархәар ауеит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа– аӡиа Риҵа, Ареликттә милаҭтә парк, Ҩыԥшаратәи аиҩхаа уҳәа рҭааразы иаку атур", - рҳәоит аилахәыраҿы.

Аду ибилеҭ ахәԥса иартәоит 2 150 мааҭ, жәашықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы – 1400 мааҭ. Изҭаху ирылшоит аангылара, нас рхала ахынҳәра.

Атуристтә дәыӷба "Шәача" авагонқәа асовет аамҭаан ишыҟаз еиԥшны иҟаҵоуп, убри аан иахьатәи аамҭа аҭахрақәагьы ирықәшәоит. Авагон-ақьафурҭаҿы ауаа ирыдыргалоит аурыси аԥсуеи чысқәа: ашә, апамидор, аиаҵәареи еилаџьны, аџьаԥсандал, аԥсыуала акәацеиҵарш, ауасажьы иалху ахинкали.

Ажәабжьқәа зегьы
0