АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Ацәгьа зуз, зықәра намӡац ахаҿы харадҵак аҳасаб ала жәашықәса еиҳаны иқәҵара алшом, ихара ихыгарагьы азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿ ихигароуп ҳәа азгәанаҭоит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа асаит.
Жәабран 4 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахара ихаранаҵеит Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба 2019 шықәса ԥхынгәымзазы Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лцәа ахьԥиҽызи дахьирҳәызи азы.
Иҟаиҵаз ацәгьоурақәа рзы аӡбарҭа Едгар Абыхәба иқәнаҵеит жә-шықәса ихақәиҭра иалхәыдатәра азеиԥш режимтә колониаҟны иҟазаарала.
Едгар Абыхәба, 2001 шықәса рзы ииз, ихараҵоу ацәгьоура аныҟаиҵаз иқәра намӡацызт. Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 82 ахәҭа 4 инақәыршәаны ацәгьа зуз, зықәра намӡац ахаҿы харадҵак аҳасаб ала жәашықәса еиҳаны иқәҵара алшом.
Аҳәынҭхарадҵаҩ адҵа ҟаиҵон 16 шықәса иқәҵаны зрежим ӷәӷәоу аколониахь инашьҭразы. Ааха зауз лхаҭарнак – ихақәиҭра 20 шықәса далхәыдазарц аҳәара иуан.
Уаанӡа Апрокуратура хада аӡбарҭатә Усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба иҳәеит макьаназы азыӡба атекст нагӡа ҳмоуцт, атекст анҳаулак ахашшааратә зыҳәа ҟаҳҵозар акәхап ҳәа. Ҳара ҳақәшаҳаҭым ирыдыркылаз азыӡба, ацәгьоурақәа ихараҵоу рҟынтәи ҩба ихьанҭоу ҳәа ишьоуп. Ахарадҵа аԥыхны аус аиҭаҭҵаарахь инашьҭтәуп ҳәа азаҳаԥхьаӡоит ҳәа иҳәеит Даур Амҷба.
Ахарадҵатә лкаақәа инарықәыршәаны, 2019 шықәса ԥхынгәы 31 рзы Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра ашҭаҿы ибылны игылоу аиҳабыра рыҩны аҟны Едгар Абыхәба амч ихы иархәаны 1999 шықәса рзы ииз аҭыԥҳа лцәа ԥиҽит ҳәа азгәаҭоуп. Иара убасгьы иӷьычит зцәа ԥиҽыз лтелефон, лхьымаҭәа, аԥара, зынӡа –70 100 мааҭ рыхә.
Абри ацәгьоура ҟазҵаз ҳәа 2019 шықәса нанҳәамза 2 азы Гал араион, Сида ақыҭа аҿы даанкылан Гәдоуҭа инхоз, 2001 шықәсазы ииз ауаҩԥсы Едгар Абыхәба.
Аҟәа ақалақь апрокуратура 2019 шықәса рзы Аҟәа изқәылан зцәа ԥырҽыз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс лганахь ала ашьаус аӡбарҭахь инанашьҭит.