Гәдоуҭа хылаԥшрада игәароу арахә рганахьала ауснагӡатә ҿыцқәа рыдыркылеит

CC0 / / Скот на дороге
Скот на дороге - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2021
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа хылаԥшрада игәароу арахә рганахьала ауснагӡатә ҿыцқәа мҩаԥгахалоит аԥшәмацәа рырахә ақалақь ахь рынашьҭра иаҟәыҵаанӡа.

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Ақалақь иахьаҵанакуа иныҟәо аԥстәқәа араион акоммуналтә маҵзурақәа ақалақь иалганы иоурышьҭлоит уажәшьҭарнахыс ҳәа иҳәеит Гәдоуҭа араион акоммуналтә маҵзура аиҳабы Феликс Сымсым.

"Макьаназ аҭыԥ алкаам, аха арахә ақалақь аҵакыра иалаагалоит. Ари зегь зыҟаҳҵо арахә ақалақь инеиааиуа иахьалоу азоуп. Аиҳарак арахә зтәу Лыхны ақыҭа ауааԥсыра роуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Сымсым иажәақәа рыла, ихуаадоу аԥстәқәа рыпроблема ыҟоижьҭеи акрааҵуеит. Анапхгара изныкымкәа рҽазыршәахьеит уи аус аӡбара ахараԥсатә санкциақәа, ма рҭакра ала, аха лҵшәа амоуит.

Собака и кошка на набережной в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2020
Аҟәа иԥшәымадоу алақәа рышьра азин ыҟам

"Жәамшла арахә ҭакны уԥшызаргьы, уаҩ дашьҭаланы днеиуам. Иоуҳашьҭыр акәхоит знымзар зны", - ҳәа иҳәоит Сымсым.

Арахә ақалақь иалганы роушьҭра ахьынӡамҩаԥысуа атәы Феликс Сымсым аҭак аҟаҵара ицәыуадаҩуп аха иара иазгәеиҭеит арахә зтәу шракәу уи зхьырԥшу. Дасу ирахә иҩны ибалароуп ҳәа азгәеиҭоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0