Аԥсны амилициа иӡыз урыстәылатәи атуристка лыԥшаара ишаҿыц иаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция мигалка
Милиция мигалка - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Анапаҵаҩра
Аурыс туристка лыӡра ахҭыс аҭҵаара хылаԥшра анаҭоит Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа.

АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Урыстәылатәи атуристка Елена Федотова лыԥшаара ишаҿыц иаҿуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

"Аԥшааратә операциа шцац ицоит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр хаҭала хылаԥшра аиҭоит", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Елена Федотова ажьырныҳәа 17 ауха дыӡит ҳәа Гагра араион ААР аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырҩаҽны адырра ҟарҵеит. Азинхьчаратә усбарҭахь арзаҳал налгеит Федотова лҩыза - Марина Бофанова.

Ажьырныҳәа 26 2021 шықәсазы Гагра араион апрокуратура абри ахҭыс аганахьала ашьаусҭҵаара хацнаркит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 ала (гәҭакрыла ауаҩшьра).

Иахьатәи аамҭазы иахәҭаны иҟоу ашьаусҭҵааратәии аоперативтәи уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит аԥҳәыс лыԥшааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0