"Хәба уџьыба иҭоушәа иԥхьаӡа": аҵара иадҳәалоу азгәаҭарақәа

CC0 / / Книги
Книги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
Анапаҵаҩра
Аҵара иҭоу аҿар изықәныҟәо азгәаҭарақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Ауаҩы иԥсҭазаараҿы имҩаԥысуа ихадароу аетапқәа зегьы згәаҭарак-згәаҭарак рыдҳәалоуп. Дарбанызаалак дахьыҟазаалак дызҿу иус маншәалахаразы, амышьҭацәгьа дизымцәгьахаразы, ацәгьа-мыцәгьа иҟәыблаарц азы еиуеиԥшым азгәаҭарақәа дрықәныҟәоит.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Сара акгьы ҟасҵом, акгьы азгәасҭом" зҳәогьы имоуп иара дзықәныҟәо азхаҵарақәа, урҭ акгьы ишрыдимҳәалогьы. Ҳарзааҭгылап ҳаамҭазы аҵара иҭоу аҿар изықәныҟәо азгәаҭарақәа. Аиҳаракгьы аԥышәарақәа, азшьақәа рыҭираан астудентцәа жәлар разгәаҭарақәа ирызхьаԥшуеит. Урҭ рыбжьара иуԥылоит акрызхыҵуа, ишьақәгылахьо азгәаҭарақәа реиԥш, иҿыцқәоугьы, ҳаамҭа иарҿиаз.

Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2021
"Аӡы цқьа ухыԥшылозар - ажәабжь бзиа иатәуп": аԥхыӡқәа ирыдҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәа

"Ашәҟәы ухчынҵа"

Дарбан иԥызымшәац аԥышәара уаҵәы иумазар, уаха ашәҟәы ухчы иаҵаҵан уцәар, ушәҟәы иану зегьы ухшыҩ иҭалоит ҳәа ирҳәо. Аха ус ианыҟауҵо иухамышҭыроуп ашәҟәы аҿы аартны ашьҭаҵара шыҟамло – уи иану зегьы ухшыҩ иҭамлакәа, харабӷьара ицоит. Џьоукы ари мифуп ҳәа иааигәангьы ирыдыркылом, аха иара убри аан ирацәаҩуп еиҭазҳәо ари азгәаҭара "аус ауеит" ҳәа. Ашколхәыҷқәеи астудентцәеи рыбжьара ари зегь реиҳа ахархәара змоу ритуалуп. Иазгәаҭатәуп апсихологцәагьы ишазгәарҭо ауаҩы даныцәоу ихшыҩ аԥсы шашьо еиԥш, аҽны иаднакылоз аинформациа ахшыҩ аҿы ишынхо. Уи ҳәарада уааҟәымҵӡакәа иуаҳауаз, ма узыԥхьоз информациазароуп, ус акәымкәа ашәҟәы уамыԥхьакәа ухы иаҵауҵеит ҳәа ухшыҩ акыр ҭалап ҳәа иҟоума?! Ари азгәаҭара ауаҩы иманшәалара шьақәзырӷәӷәо ауп.

"Хә-мааҭк ушьапашьхәаҿ"

"Хә-мааҭк ушьапашьхәа инавҵаҵа, хәба уџьыба иҭоушәа иԥхьаӡа" ҳәа азгәарҭоит даҽа џьоукгьы. Ари азгәаҭара ҳҿар рыбжьара ҿыц ицәырҵыз иреиуоуп. Хәба ицо абаз аманшәалара ацуп, абеиара узаанагоит ҳәа иԥхьаӡан еснагь. Иаҳҳәап, зҷапан кашәаз иҷапан ашьҭыхразы хә-мааҭк ицо ауп иақәырҵо. Хәба – ахыԥхьаӡара асимволтә ҵакы иаҵарҵо ала, иззыԥшу ахәшьара рзаанагап ҳәа хә-мааҭк ицо ауп, рџьыба, ма реимаа иҭарҵо. Насгьы уи зҭоу уарӷьа џьыба акәзароуп, ма уарӷьа еимаа – арӷьа, арыӷьарахь агьежьра абзиара, аманшәалара иатәу гануп.

Эсма Тодуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2020
Арадио
Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа аманшәалара иазку акәырбани аџьынџь аныҳәареи ртәы

Ахаа уфароуп

Аԥышәара уанҽазыҟауҵо ахаа уфалар ухшыҩ аусура иацхраауеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убасгьы аԥышәара аҽны уманшәалар уҭахызар, унапаҿы ихаау еилаҳәарак укызар, хымԥада уара узы ибзиоу, иуҭаху абилеҭ уқәшәоит рҳәоит. Насгьы ауада ашәхымс уанахысуа иуқәшәарц иуҭаху абилеҭ аномер гәаныла иуҳәароуп.

Изҭахым ихы аҵара мчыла иузҭацалом ҳәарада. Ишдыру еиԥш, аԥышәарақәа рыламҭалазы агәыхыҭхыра цәырҵуеит. Арҭ азгәаҭарақәа ауаҩы игәҭынчра иацхааруа иреиуоуп. Иҳәатәуп, аԥышәара зҭиуа ихьӡала аныҳәара анымҩаԥырго шыҟоугьы, ашьыжь аҩны дандәылҵуа акәзар, аиҳабы диқәныҳәаны дишьҭуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0