Аҵара азыхынҳәра: Аԥсны ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи аусура иалагеит

© Sputnik / Леон Адлейба Открытие школ после карантина
Открытие школ после карантина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 15 инаркны Аԥсны ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи русура азин ҟаҵоуп. Аҟәатәи ашколқәа рҿы амчыбжь еихшаны ашколқәа аус рулоит.

Аҵаратә усҳәарҭақәа русура шхацдыркыз, ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа шымҩаԥырго атәы Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥхьа аиҵбацәа

Аҟәатәи, Пушкин ихьӡ зху ашкол №2 аҩналараз аушьҭырҭа-хылаԥшратә пункт уахысроуп. Амедусзуҩцәа арҵаҩцәеи ахәыҷқәеи ршоура гәарҭоит, ахәыҷқәа рнапқәа арзҩыдагақәа рхьыршьуеит, аҭаацәа ашкол ахь иҩнарҵом.

Ашкол адиректор Ирина Повирскер илҳәеит алагарҭатә школ аҵаратә еихшанҵа инақәыршәаны аусура ишалагаз.

Первый звонок в Сухумских школах  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2021
Аҟәатәи ашколқәа рҿы аҵараҵара аус шеиҿкаахо

"Уажәы актәии аԥшьбатәии аклассаа аҵара рҵоит. Ашкол алагарҭатә классқәа рҿы 514-ҩык ахәыҷқәа ыҟоуп. Актәи аклассқәа хԥа рыда егьырҭ аклассқәа еихаҳшеит. Актәи асменаҿы аҵара рҵоит 276-ҩык, 16 гәыԥ ыҟоуп. Аҩбатәи асменахь иныҟәоит 238-ҩык, 14 гәыԥ ыҟоуп", - лҳәоит лара.

Актәи асменаа ашкол ахь инеиуеит асааҭ жәба рзы, аҩбатәи - 12:30 рзы. Аурокқәа 35-35 минуҭ ыҟоуп. Аԥсшьараамҭа – 10 минуҭк. Онлаин-ҵараан апрограмма ахысра рҽазыршәеит, ашкол аҿы апрограмма еиҭахысуеит ҳәа лҳәоит лара.

"Зегь маншәалахар, еиҭах акарантин ахь ацара ҳақәымшәар, рашәарамза нҵәаанӡа апрограмма ҳахысуеит. Зынӡа 1280 ҵаҩы ыҟоуп, аклассқәа - 44. Ашкол 78 гәыԥ рыла еихаҳшеит. 20-ҩык иахьеиҳау аклассқәа еиҩаҳшеит", - ҳәа еиҭалҳәоит адиректор.

60 шықәса ирҭысхьоу арҵаҩцәа ракәзар, аҭагылазаашьа еилыркаауеит, ашәарҭадаратә ҭахрақәа ирықәныҟәаны аус шыруа рҳәеит ҳәа азгәалҭеит Ирина Повирскер.

"Ашәарҭарақәа еилыркаауеит. Ирацәаҩуп ачымазара зхызгахьоу. Уажәы арҵаҩцәа рыԥшаара уадаҩуп. Акрыфарҭа аусура аамҭала иаанкылоуп, аха ақалақь ахада илшарала актәи ахымш фатәыла ахәыҷқәа еиқәыршәоуп", - лҳәеит лара.

Арҵаҩы акласс ахь афатә неигалоит ҳәа лҳәеит адиректор.

Ахәыҷқәа рҩызцәа, рырҵаҩцәа гәхьааргон.

"Ашкол ахь ахынҳәра сазыԥшын. Адистанциатә ҵара сгәы иақәымшәеит. Уи адагьы сырҵаҩцәеи сҩызцәеи гәхьаазгон", - ҳәа лҳәоит аԥшьбатәи акласс аҵаҩы Мариа Голанӡиаԥҳа.

Еиҭах ахәыҷбаҳчахь

Русура хацдыркит ахәыҷбаҳчақәа. Урҭ руак, "Алиас" адиректор Заира Қәҭелиаԥҳа илҳәеит ари амш ргәы ҭамгыло ишазыԥшыз.

Аида Минаия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2021
Арадио
Минаиаԥҳа: асанитартә ҳақьым лабжьгарала, ахәыҷбаҳчақәа русура аамҭа иагырхоуп

"Аҵаратә процесс хацҳаркит ҳҽазыҟаҵаны. Ақалақь ахадара ҳаиқәнаршәеит арзҩыдагақәа рыла. Ашоурашәагақәа ҳамоуп. Амедусзуҩцәа иҳадырҵо зегь ҟаҳҵоит", - ҳәа лҳәоит лара.

Ахәыҷбаҳчаҿ 154-ҩык ахәыҷқәа ыҟоуп. Актәи амш азы инеит 63-ҩык. Урҭ фатәыла-жәтәыла еиқәшәоуп.

"Ахәыҷқәа реиҳараҩык ахәыҷбаҳча гәхьааргон, аха иҟан акраамҭа иахьеиԥҟьаз азы аҵәыуара иалагазгьы. Уажәы зегьы рыҽдырҭынчит. Ҳусзуҩцәа уаанӡатәи арежим ала русура нарыгӡоит", - ҳәа лҳәоит лара.

Жәабран хԥа рзы атәыла ахада имҩаԥигаз инарҭбаау аилацәажәараҿы аҵара аминистр Инал Габлиа иҳәеит ашколқәа 100 инарыцны аусура алагара ишазыхиоу. Жәабран 22 инаркны ашкол ахь инеиуеит 5 – 11 аклассқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0