"Аԥҳәыс лпортрет": аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставочный зал
Выставочный зал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиеи Акультура аминистрра адгыларала.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал аҿы иаадыртит ацәыргақәҵа "Аԥҳәыс лпортрет". Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.

Ацәыргақәҵа аартызаауеит хәажәкыра 3 - 25 рзы, уи аҵыхәтәантәи ашәышықәса рыҩнуҵҟа иҭыху аҳәса рпортретқәа еиднакылоит.

"Ари аԥкрақәа рышьҭахь раԥхьатәи цәыргақәҵоуп. Есышықәса Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ааԥынразы ацәыргақәҵақәа еиҿнакаауеит. Сынтәа иҳаӡбеит апроект "Аԥҳәыс лпортрет" ӡыраагарц", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Лара илҳәеит ишеизгоу Акартинатә галереиа аҟны иҵәахыз арҿиамҭақәеи ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәеи.

Нугзар Логәуа иҭыхымҭа. 2006 ш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Ажәытәи аҿатәи ахьеиларсу: Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аиубилеи азы

"Убас арахь иаагахоит Александр Шервашиӡе 1920 шықәса рзы иҭихыз иусумҭақәа реиԥш сынтәа иҭыху аусумҭақәагьы. Ари аинтерес зҵоу темоуп. Иубоит аԥҳәыс лыԥшӡара аеталон аҽшаԥсахуа", - ҳәа лҳәеит лара.

Ельвира Арсалиаԥҳа иара убасгьы илҳәеит ацәыргақәҵа шаартхо хәажәкыра 4 рзы, хәажәкыра 3 рзы АИХқәа русзуҩцәеи аиҿкааҩцәеи рзы иҷыдоу аартра шыҟало.

"Аԥкырақәа шаԥыхугьы ауаа рацәа реизара ҳҭахым. Ацәыргақәҵа аартхоит хәажәкыра 3 - 25 рзы аҭааҩцәа зегьы рзы" ҳәа лҳәоит лара.

Ацәыргақәҵахь инагахоит 50 усумҭа ҳәа азгәалҭоит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0