"Аруаа" адҵа ҟарҵоит ҩаӡарарацәалатәи Қырҭтәыла алацәажәарақәа ирҟәаҵтәуп ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМитингующие у здания Парламента Абхазии
Митингующие у здания Парламента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз рҟынтәи ҩышәҩык рҟынӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахыбрахь инеиит адепутатцәа ирыҿцәажәарц уаанӡатәи ахада иабжьгаҩ Бенур Қәираиа Қырҭтәыла иҟазаара иазкны.

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Апарламент ахь инеиз аоппозициатә партиа "Аруаа" адҵа ҟарҵоит Аԥсны адәныҟаполитикатә концепциаҿы ҩаӡарарацәалатәи Қырҭтәыла алацәажәарақәа ирҟәаҵтәуп ҳәа.

"Арҭ ауаа – ақырҭцәа, ҳара ҳраӷаны ҳарбоит. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ракәымзар егьараантә абџьар шьҭыхны иҳақәлахьазаарын. Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз ҳара ҳҿгьы иҟарҵон. Ахада иконцепциаҿы иарбоуп ҩаӡарарацәалатәи аизыҟазаашьақәа, ари иалацәажәатәума ҳәынҭқарраны ҳрымԥхьаӡозар?", - иҳәеит аиҿкаара "Аруаа" алахәыла Ҭемур Надараиа.

Надараиа иара убасгьы дазааҭгылеит ахәаахәҭратә еизыҟазаашьа. Аполитикатә зҵаарақәа ӡбамкәа ахәаахәҭра азҵаара алацәажәара иашам ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

Митингующие у здания Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Аԥсны Апарламент аԥхьа еизаз рҟынтәи ԥшьҩык адепутатцәа рахь инеиит

"Ҳара иаҳҭаху иацы ирылаҵәаз авидео азы адепутатцәа ргәаанагара адырреи, Апарламент аполитикатә зҵаарақәа рыӡбаанӡа иарбанызаалак ахәаахәҭратә формақәа ралмыршараз азакәан адкылареи роуп", - иҳәеит Надараиа.

Иара иҳәеит Қырҭтәыла алахәаахәҭра аԥсадгьыл аинтересқәа рыҭира акәны ишахәаԥштәу.

Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ааԥхьара ҟанаҵеит ачынуаа Қырҭтәыла рцара згәы амырҭынчуа зегьы еизарц азы.

Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз рҟынтәи ҩышәҩык рҟынӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахыбрахь инеиит адепутатцәа ирыҿцәажәарц уаанӡатәи ахада иабжьгаҩ Бенур Қәираиа Қырҭтәыла иҟазаара иазкны.

Ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа – ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аиҳабы Ҭимур Гәлиа, АУЕ "Аруаа" Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ҭемур Надараиа, апартиа "Аԥсны" аиҳабы Витали Габниа, Жәлар ракзаара Афорум аиҳабы Аслан Барцыц Бенура Қвираиа иумҭа ахәшьара аҭаразы Апарламент адепутатцәа рыҿцәажәаразы инеиит. Аицәажәара ашьҭахь дара ахада иахь инеираны иҟоуп.

Администрация президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Бжьаниа Иусбарҭа ахҳәаа анаҭеит уаанӡатәи абжьгаҩ Қырҭтәыла иҟазааразы

Уаанӡа аопоззициатә партиақәа рхаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵахьан Бенур Қәираиа ԥхьатәара ицаразы адҵа шыҟаҵахо азы. Убри аан ахада Иусбарҭа аҳәамҭа ҟанаҵеит Қвираиа жәабран 19 рзы инапынҵақәа шьҭеиҵеит ҳәа.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатә политика аконцепциазы" адҵа Аслан Бжьаниа инапы аҵеиҩит ԥхынҷкәын 7 рзы.

Аконституциа инақәыршәаны атәыла ахада иҳәаақәиҵоит адәныҟатәии аҩныҵҟатәии политика ахырхарҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0